Арадио

Аиааира Ду азы ирдыруа, аныҳәа шазгәарҭо: ашколхәыҷқәа рцәажәара

Sputnik
Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду иадҳәаланы ирдыруа, ишазыҟоу уи, Аиааира амшныҳәа шазгәарҭо еиҭарҳәеит Аҟәатәи ажәабатәи ашьхарыуаа рышкол ажәеизатәи акласс аҵаҩцәа Алиа Чагәааԥҳаи Асиаҭ Ҳапати.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду ианалага Асовет Еидгыла ажәларқәа зегь реиԥш, азеиԥш ԥсадгьыл ахьчара ицеит 55,5-нызқьҩык Аԥсны аԥацәеи аԥҳацәеи, урҭ рахьынтәи 17-нызқьҩык инареиҳаны рышьҭахьҟа изыхнымҳәит. 22-ы Асовет Еидгыла Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ҳаракы рыхҵоуп. Хҩык Ахьӡ-Аԥша аорден акавалер нагӡа ранашьоуп.