Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡаҿ игаз Аиааира 81 шықәса ахыҵра аҳаҭыраз Москва, Ашҭа ҟаԥшь аҟны апарад мҩаԥысуеит.
Кремльҟа иааит Аԥсны ахада Бадра Гәынба дназлоу аҳәаанырцә атәылақәа рнапхгаҩцәа. Асасцәа хаҭала дырԥылеит Урыстәыла ахада Владимир Путин.
Апарад ҩ-сааҭк инарзынаԥшуа имҩаԥысуеит, заанаҵтәи адыррақәа рыла, 130-ак атехника алахәхоит. Уи адагьы, сынтәа Азербаиџьан, Виетнам, Белоруссиа, Мсра, Ҟазахсҭан, Китаи, Ҭырқәтәыла, Лаос, Монголиа, Мианма, Таџьикистан, Туркменистан, Узбекистан рҟынтәи арратә екипажқәа алахәуп.