Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Адрамеи атеатри релементқәа аԥсуа фольклор аҿы

© Sputnik / Томас ТхайцукСпектакль - Дорогая Памела
Спектакль - Дорогая  Памела - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.06.2023
Анапаҵаҩра
Аԥсуа фольклор ахкқәа иреиуоу аҿаԥыцтә драмеи атеатри хыҵхырҭас ирымоу, урҭ иахьатәи атеатр ныррас иарҭаз, релементқәа ахьуԥыло уҳәа ирызку анҵамҭа азлырхиеит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩ Есма Ҭодуаԥҳа.
Аԥсуа фольклор ахкқәа иреиуоуп аҿаԥыцтә драмеи атеатри. Аҿаԥыцтә драма хыҵхырҭас иамоу зеилкаара уадаҩу зҵаароуп. Адрамеи атеатри релементқәа ауаҩы иџьатә практикаҿоуп рхы ахьыҵырхуа ҳәа иԥхьаӡоуп.
Адрама аӡбахә анаҳҳәо, еиҩдыраатәуп ажәлар ирызку адрамеи ажәлар дара рхаҭа иаԥырҵаз адрамеи. Актәи – ашәҟәыҩҩцәа-адраматургцәа асценаҿы ақәыргыларазы иаԥырҵо литературатә рҿиамҭоуп, аҩбатәи – фольклортә рҿиамҭоуп. Ҳәарада, аҿаԥыцтә драма еиҳа ижәытәуп, алитературатә драма акырӡа ихьшәаны иҿиеит.
Ажәытәӡан ажәлар рҟазара ахкқәа зегьы еилаҵәаны иҟан – ажәеи, амузыкеи, адрамеи еиҟәыҭхамызт. Иахьагьы урҭ релементқәа еилаҵәаны иахьубо ыҟоуп ансамбльқәак рықәгылараҿы. Иаҳҳәап, атеатралтә ҟазшьа аҭаны иаарԥшуп Аԥсны аҳәынҭқарра акәашареи ашәаҳәареи рансамбль арепертуар иалоу "Аԥсуа кәашара": аԥхьа ашәаҳәарала ицәырҵуеит, уи иацуп аҭаца лаагара аазырԥшуа асцена, нас акәашацәа инарымырдоит. Абас қәгыларак аҟны ажәеи, амузыкеи, акәашареи, адрамеи шеилоу убоит. Ажәытәан иахьеиԥш асценақәа ыҟамызт, сценас ирымаз ауаа ахьеизоз аҭыԥқәа ракәын – ашҭақәа.
Юбилейный концерт ансамбля Кавказ - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.05.2023
Аԥсны
"Ашьац иламгыло ауаҩы": архаикатә ҟазшьа змоу аԥсыуа кәашарақәак рышьаҭа иазкны
Аԥсуаа ажәытәӡа аҿаԥыцтә драма шрымаз агәра узырго иреиуоуп аурыс шәҟәыҩҩы Васили Савинов 1850 шықәсазы ажурнал "Пантеон" аҟны ианиҵаз аԥсуа жәлар рҿаԥыцтә драматә рҿиамҭак, "Аԥсны иазкны ажәабжь ҵабыргқәа" ҳәа хыс измоу иҩымҭа иалаҵаны. Иара иҩуеит Аԥсны даныҟаз иибаз, дызхәаԥшыз атәы, иааигоит Гәымсҭа аӡиас ахықәан дызхәаԥшыз ажәлар рдрама. Уи усҟантәи аҭоурыхтә аамҭа – атәра аазырԥшуаз аимпровизациатә ҟазшьа змаз қәыргыларан. Иҩны ианҵаны иҵаз атекст акәымкәа, иԥсабаратә хәмарран, Василии Савинов уи аҵакы ауп ашьҭахь ииҩызгьы "Гәымсҭа ахықәан" ҳәа хьӡыс иаҭаны.
Адрамеи атеатри релементқәа рныԥшуеит аԥсрақәа раан имҩаԥыргоз аҷаԥшьара, мамзаргьы аҭарчеи аныҟәгара реиԥш иҟоу ақьабзқәа, иара аҵәуара ахаҭагьы. Усҟан ауаа рыкәшаны ирзыӡырҩуан, ирыхәаԥшуан.
Ашәҟәыҩҩы Миха Лакрба иҩуеит аԥсхәрақәа рҿы "Самақәа" аныҟарҵоз убриаҟара ауаа рацәаҩны еизон, атәарҭа змауаз рацәаҩхон, аҿар аҩны ахыб иқәлон, аандақәа, аҵлақәа ирықәтәан иахәаԥшуан. Араҟа ицәырҵуан ҩыџьа ақьачақьцәа. Ақьачақьцәа ахәмарра иалагаанӡа аԥсаҭатә ааргон – ацә, атәыҩақәа рҿы наҟ-ааҟ ацәашьқәа аркны ашҭа иҭаргалон агәашә аартны. Ацәқәа аазгаз аҭынхацәа рыхьӡи рыжәлеи рҳәон. Ари ианалгалак ашьҭахь еихьыжә-еикәыжә еилаҳәаз ақьачақьцәа цәырҵуан. Урҭ рыԥшра мацара ауаа арччон. Миха Лакрба ишиҩуа ала, арҭ ақьачақьцәа Қәач-иԥа Мысҭафа ҳәа изышьҭаны ауаа ирдыруаз акомикатә повест ихәмаруан. Ақьачақьцәа руаӡәк Қәач-иԥа Мысҭафа захьӡыз ироль дыхәмаруан. Уи даамысҭан, хаҵеибан, абзамыҟәра игмызт. Аҩбатәи ақьачақь аҭауад ҭыԥҳа лроль наигӡон (ихәмаруаз хацәан) – лара ддагәоуп, знык хаҵа дцан даахьеит, ҽазнык дцар лҭахуп. Қәач-иԥа Мысҭафа ари "аҭыԥҳа" лҿы днеиуеит ҽы надик дақәтәаны. Урҭ реицәажәара, рхымҩаԥгашьа иахәаԥшуа арлахҿыхуеит, иарччоит.
Похороны - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.02.2020
Аншьан, Самақәа: аԥсуаа ртрадицатә культураҿы аԥсра иадҳәалоу ақьабзқәа
Иара убас аҷаԥшьарақәа рҿы иҟарҵон асабрадақәа аҟаб ацәа иалхны, ауаҩы ихы-иҿы асахьа аҭаны, аҟәыд цыра шкәакәақәа хаԥыцс иаҭаны. Убас ала имҩаԥыргон еиуеиԥшымыз ахәмаррақәа. Иазгәаҭатәуп, ас еиԥш асамырҟәыл хәмаррақәа ахьымҩаԥыргоз абырг дахьыԥсыз акәын, агәлымҵәах иҟны ус еиԥш ҟарҵомызт.
Иахьа Аԥсны иҟоуп аҭоурых ду змоу аҳәынҭқарратә театрқәа, актиорцәа. Урҭ рышьақәгыларҿы шьаҭас ирымоу ажәытәӡатәи жәлар ртеатрқәа роуп ҳәа уҳәар ауеит. Аԥсуа фольклор аҿы ианҵаны иуԥылаӡом жәлар рдрама еиуоу апиесақәа, аха уи иаанагаӡом жәлар рдрама, ртеатр ыҟаӡамызт ҳәа. Жәлар рдрама шыҟаз шьақәзырӷәӷәо иреиуоуп урҭ релементқәа хыхь иааҳгаз аҿырԥштәқәа рҿеиԥш ирацәаны иахьрылоу.
Ажәабжьқәа зегьы
0