Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аветеран Владимир Мықәба: "Марттәи ажәылара ҳацәынхар, сыҽӡаасхуеит ҳәа анцәа ажәа исҭеит"

© Foto / Предоставила Саида ЖибаВладимир Мықәба
Владимир Мықәба - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.03.2024
Анапаҵаҩра
Хәажәкыратәи ажәылараан Гәымсҭа аӡиас ирны ԥхьаҟа, аҳҭнықалақь ахырхарҭахь изцозар ҳәа аҽазышәара мҩаԥызгаз иреиуоуп Витали Тарнаа командаҟаҵара ззиуаз ахәбатәи абаталион. Уи иалаз Владимир Мықәба иахьагьы игәалашәараҿы инхеит ари ишьаарҵәырахаз арыцхә. Аибашьра аветеран дазааҭгылеит хаҭала Гәымсҭа ахықәан дзыниаз ахҭыс атәы.
Саида Жьиԥҳа, Sputnik
Хәажәкыратәи ажәылара аамҭақәак шагыз, Витали Тарнаа ибаталион аҽазыҟаҵарқәа ирхысит. Дара уеизгьы рҽеихшаны жәаба-жәаба мшы Аҩада Ешыра иҷаԥшьон. Ажәылара анааигәаха, Гагра, аԥсшьарҭа ҩны "Энергетик" аҟнытә зегьы уахь ишьҭын. Аҷкәынцәа аҵхыбжьон аӡиас ирраны иаҟан, аха аамҭа иахырԥан аҟнытә, ашарԥазы, асааҭ быжьба иазааигәаны аҟәарахьы илбааит.
"Гәымсҭа ҳаныруаз, аӡы аҩаӡара ҳаракын. Сара соура дууп, аха смаҟҿҳәара иахысуан. Иҟан аӡы зыхәда иҵасуаз аҷкәынцәагьы. Ҳбааӡаӡа, ҳхаԥыцқәа еихамгыло аҟәарахьы ҳанкылс, ахысбыжьқәа еихсыӷьшәа ҳбан, 50 метр аҟара ҳнаскьаны амца еиқәҵаны ҳамаҭәақәа рырбара ҳалагеит. Ус ҩаԥхьа ахысбыжьқәа анеилала, амандаринаҭра ҳҭалеит. Иара убраҟа Енвер Қапбеи, Рома Бениеи сареи ахәрақәа ҳауит. Ҳшьапқәа ҟәаҟәаны ҳахьышьҭаз аҷкәынцәа ааин, иҳаҵагыланы Гәымсҭа ахықәахь идәықәлеит, шьҭахьҟа аԥсуа ган ахь ҳаргаразы. Сара исыҵагылан сашьеиҳабы Рауф Мықәбеи, сҩызцәа Енвер Цузбеи Васили (Камас) Аибеи. Амацәаз ҟаҵаны ҳахьчо иҳавагыланы ицон Рауль Абыџбеи, Даур Ахәледиани, Ака Аибеи. Ақырҭқәа ахысра андырӷәӷәа, уи аԥхьаҟа аӡы арыцқьаразы аума, даҽа уск азы аума здыруада, аха уаанӡа иҭыргахьаз ахаҳәқәа рыла ичаԥхаз ақәацәра ҳнаваиеит. Убра ҳашьҭан ҳхы ҳзышьҭымхо, хәажәкыра 16 ашьыжь асааҭ жәаба инаркны хәылбыҽхан асааҭ быжьбанӡа", - еиҭеиҳәоит аибашьра аветеран Владимир Мықәба.
Низби Ампар - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.03.2024
Аԥсны
"Сыԥсы еиқәзырхаз дысцәыӡит": Низби Амԥар хәажәкыратәи ажәыларазы игәалашәарақәа
Аҷкәынцәа ахаҳәқәа иахьынӡарываиаз, ианааилахәла, ажәҩан ихалеит аҳаирплан. "Ари аурысцәа иртәызар ҟалап" ҳәа гәыӷрак рыманы ишԥшуаз арҭҟәацга карыжьит. Иагьеилыркааит аӷацәа шракәыз.

"Арҭҟәацга 15 метра инаскьаны аӡиас иҭаҳаит. Аԥжәара ду Гәымсҭа иҭнагаз аӡы ҳхы инаркны ҳшьапаҟнынӡа ҳарбааӡеит. Ари аилауаҭырра аамҭазы аԥсуа ган ахь ҳашԥазымцари ҳәа идәықәлаз аҷкәынцәагьы ҟалеит, аха дара зегьы ахәрақәа руоит. Убри аҭыԥ аҟны, ажәҩан саҵаԥшуа, уажәымзар-уажәы ақырҭқәа ҳҭадырхоит ҳәа сахьышьҭаз анцәа ажәа исҭеит, ажәылара ҳацәынхар аӡы сыҽӡаасхуеит ҳәа. Ус иагьыҟалеит. Еицқәаз ҳабжьара уи аҽны аԥсҭбара ҳмоуӡеит", - игәалашәоит аветеран.

Владимир иҳәоит, шьыжьы инаркны хәлаанӡа убра иахьынӡашьҭаз, рааигәара аӷацәа мнеирц азы иааихмырсыӷькәа аԥсуа ҷкәынцәа, ҩнык аҟнытә иманшәалаз аҭыԥ аанкыланы ақырҭқәа ишрылахысуаз.
"Дара ракәымзар издыруада иаҳлахьынҵахоз", - инаҵишьит аибашьҩы.
Ахәрақәа зауз аҷкәынцәа агоспитальқәа рахь иргеит. Владимир ҩымш дышьҭан Афон ҿыцтәи агоспиталь аҟны, анаҩс диаргеит Гаграҟа. Мчыбжьык аҟынӡа ахәшәтәра дахысны аибашьҩы иҩызцәа дрыхьӡеит. Владимир Мықәба дрылахәын Аԥсны ахақәиҭтәразы имҩаԥгаз ажәыларақәа зегьы Ажьырныҳәатәи ада. Иара уи аамҭазы игәы бзиамызт.
"Хәажәкыратәи ажәылара - ҳгәы кылызжәаз хҭысхеит, аха аибашьратә ԥышәа ҳнаҭеит. Иаҳнарҵеит аҽеидкылашьа. Иара убасҟан ичаԥахеит аиааира ашьаҭагьы", - ҳәа азгәеиҭоит аветеран.
Зураб Кархалава - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.03.2021
Арадио
Кархалаа Марттәи ажәыларазы: агхақәа ҳгәы ҳдырхьуан, аха аиааира шаагоз ҳдыруан
Цәыббрамза 1993 шықәсазы, Владимир Мықәба дызлаз абаталион Аҟәа ахырхарҭахь идәықәҵан. "Фуникулер" ҳәа иахьашьҭоу ахәы ҳаракырантәи алада илбаауа Кьалашәырынӡа ианнеи, рациала ирзаарыцҳаит аӷа Аԥсны далцоуп, Егры абираҟ ахаргылоуп ҳәа.
"Ари амш иацыз ацәаныррақәа еиҭаҳәашьа амам. Уи знык ауп ухы инаркны ушьапаҟнынӡа иануныруа", - иҳәоит аԥсадгьыл ахьчаҩ.
Владимир Мықәба иеибашьратә лшамҭақәа рзы ианашьоуп "Агәымшәаразы" амедал.
Даур Сичинаа - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.09.2023
Аԥсны
"Аибашьра еицәахеит ҳашьцәа рыбаҩ аҵхра": Марттәи ажәылараан иҭахаз Даур Сыҷынаа изкны
Ажәабжьқәа зегьы
0