Иҟоуп макьана анхацәа кәаҭанала ицәаӷәо

© Sputnik / Томас ТхайцукБармышь ақыҭан инхо анхаҩы Анзор Аиба дцәаӷәоит.
Бармышь ақыҭан инхо анхаҩы Анзор Аиба дцәаӷәоит. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Қәаҭанала ицәаӷәоу адгьыл аҟны иааурыхуа аџьықәреи, аҽаҩра ахаҭабзиареи, уи иамоу аџьабаааи, ацәқәа рыла ацәаӷәара иамоу амаӡақәеи еилылкаауан Sputnik акорреспондент Рада Ажьиԥҳа, Гәдоуҭа араион Бармышь ақыҭан инхо анхаҩы Анзор Аиба иҭаацәараҿы.

Ацәаӷәара, алаҵара, нас аҽаҩра

Ажәытәан, лассы-лассы анхацәа адгьыл рцәаӷәон қәаҭанала, иахьа еиҳа ахарахәара амоуп еиуеиԥшым атехникала адгьыл ацәаӷәара, аус адулара. Егьа ус иҟазаргьы анхацәа аӡәырҩы аџьықәреи алаҵараз ицәаӷәоит қәаҭанала.

Гәдоуҭа араион Бармышь ақыҭан инхо анхаҩы Анзор Аиба иҭаацәараҿы есышықәса ауҭраҭыхи аџьықәреи ахьыҟарҵо аҭыԥ ацәқәа рыла ирцәаӷәоит. Бармышь ақыҭа ицәаӷәо реиҳараҩык хәажәкырамза инаркны ацәаӷәара напы адыркуеит.

"Наџьнатә аахыс, ақәаҭана скыртә сҟалеижьҭеи ацәқәа рыла сцәаӷәоит, ақәаҭана иацәаӷәои атрактор иацәаӷәои узеидкылаӡом. Қәаҭанала сара изысҭаху еивҵаԥсаны исцәаӷәоит, инысҭаху адгьыл стыхоит аџьықәреи ласҵоит", — ҳәа иҳәоит Анзор Аиба.

Атракторлеи қәаҭаналеи иуцәаӷәо адгьыл еиԥшӡам. Аџьықәреи ахаҭабзиареи аҽаҩреи анырра анаҭоит атракторла ианыцәаӷәо, адгьыл атрактор ианацәаӷәо абзиара зегьы аҵаҟа иагоит, хыхьҟа ацәгьара ханагалоит, иара уаауп аџьықәреи аԥашәгьы иахьакуа, убри аҟынтә қәаҭанала иуцәаӷәаз нас илауҵаз ауп ибзиоу.

© Sputnik / Томас ТхайцукТрадиционная пахота в с.Бармыш
Традиционная пахота в с.Бармыш - Sputnik Аҧсны
Традиционная пахота в с.Бармыш

"Бармышь ақыҭа адгьыл ацәаӷәара қәаҭанада иауам, араҟа ацәқәа рыла еиҳа иманшәалоуп, иара аџьықәреи ахаҭабзиареи, аҽаҩреи анырра анаҭоит атракторла ианыцәаӷәо. Ашьыжь, асааҭ ааба рыбжа инаркны 12- нӡа ацәаӷәара салагоит, нас ахәылбыҽха асааҭ фба рыбжа шыҟоу сыԥсы шьаны напы асыркуеит. Зегьы изыларҵуа еиԥш иҟасҵоит, иақәԥсаны иахьыҟасҵо ыҟоуп, ацәаҳәа алданы иахьыҟасҵо ыҟоуп, анаҩсан ахаха алсшьоит, ажәпара ыҵасхуеит, напыла исрашәоит. Аџьықәреи ахәшә асҭаӡом, сызхара ҭызгоит 100-200 калаҭ рҟынӡа. Умаашьар ақытаҟны ухы ныҟәугартә иҟоуп", — ҳәа азгәеиҭоит анхаҩы.

Анзор Аиба иажәақәа рыла, жьҭаарамзазы аҽаҩра рыдыркылоит, ари аҭаацәараҟны хәыҷи дуи зегьы еицхыраауеит, напымацарала иуадаҩуп анхара аныҟәгара.

Ацәмаҭәа аныҟәгара… ацәқәа рбызшәа…

Ацәаӷәара иазку ақәаҭана ибзианы иныҟәгатәуп, ацәмаҭәеи, ацәеихеи ианаамҭоу иӡрыжәзароуп, ауӷә иаҵыукуа ацәқәа ибзианы ибжьатәуп, иааӡатәуп.

"Ауӷә иаҵыскуа ацәқәа сара исааӡоит, хымкрыда ицоит, изызбжьаз иҟоуп. Сцәеиха исыӡрыжәуеит, аҳәызба ибзианы исыххоит, ауӷәи аҟьатамеи еиқәсыршәоит. Ианаамҭоу уанеиқәшәо, умццакӡакәа уцәаӷәоит", — ҳәа ациҵеит Аиба.

Анхаҩы иуӷә иаҵаку ацәқәа иара иааӡеит, ибжьеит. Ицәқәа ирыхьӡуп Тигри Боџьеи, дара хәышықәс инарзынаԥшуа анхара рбахьеит.

Аҳамҭаҷқәа рыҟаҵара знапы алаку Езаҭ Џьениа. - Sputnik Аҧсны
Арҿиаҩы ирҿиамҭа: Езаҭ Џьениа иҳамҭаҷқәа

"Хышықәса анархыҵуа инаркны ацәқәа рыбжьара салагоит, аҳаиуан иазеиӷьуп, иашьццылоит, иуҳәо еилнакаауа иалагоит, хымкрыда сцәаӷәаратәы иҟасҵоит", — иҳәеит анхаҩы.

Ацәаӷәара знапы алаку ацәеиха иацклаԥшуеит, ианаамҭоу ахылаԥшра азыруеит. Ақәаҭана ахәҭақәа зегьы абас ишьақәгылоуп: аԥыза, ацәеиха, ацәмаҭәа, ацәшьхәа.

"Ақәаҭана ныҟәызго аԥыза ҳәа иашьҭоуп, иара адгьыл зырссуа ауп, адац ахьамоу азы ибзиоуп, адгьыл хәыҷык ихкьакьлазар иԥнаҟоит, ацәеиха аԥыза ашьҭахь иамоуп уигьы адгьыл аԥҟара иацхраауеит, ацәмаҭәа — ари ацәқәеи акәаҭанеи еимыздо хәҭоуп, ацәшьхәа — акәаҭана еибаркны изку ауп", — ҳәа иаҳирбоит ақәаҭана ахәҭақәа анхаҩы Анзор Аиба.

© Sputnik / Томас ТхайцукТрадиционная пахота в с.Бармыш
Традиционная пахота в с.Бармыш - Sputnik Аҧсны
Традиционная пахота в с.Бармыш

Ацәаӷәара иамоу акәамаҵамаракәа ируакыуп ацәқәеи анхаҩи реимадара, реилыибакаара.

"Ацәқәа алада иласкьар сҭахызар "лаҟ" сҳәоит, аҩада акәзар "ҩаҟ" сҳәоит, иааныскылар сҭахызар "оуҳа" сҳәоит, исҳәо зегьы дара еилыркаауеит. Ацәқәа анысыбжьо ус срацәажәоит, исҳәо еилыркаауеит, убри азоуп хымкрыда сшыцәаӷәо", — ҳәа ациҵеит иара.

Иахьа, ацәқәа рыла ицәаӷәо рхыԥхьаӡара маҷзаргьы, Гәдоуҭа араион иахьаҵанакуа Џьырхәеи, Бармышьи, Ҟәланырхәеи, Абгархықәи реиԥш иҟоу ақыҭақәа рҿы адгьыл ахьиашам, атехника неиртә еиԥш иахьыҟам, анкьа еиԥш ацәқәа рыла ирцәаӷәоит.

Ацәаӷәара афотосахьақәа шәрыхәаԥшыр ҟалоит абра

Акәаҭана шеиҿартәу шәахәаԥшыр ҟалоит абра

Ажәабжьқәа зегьы
0