00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:00
30 мин
08:30
30 мин
13:00
30 мин
13:30
30 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:05
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:36
10 мин
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:07
13 мин
Хра злоу ахҭысқәа
Аԥсни Новосибирски русеицура лҵшәас иаиур алшо: аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ ицәажәара
13:20
4 мин
Аиҿцәажәара
Ауниверситет азеиԥшнхарҭа астудентцәа рыдкылара иахьынӡазхиоу: аиҳабы ицәажәара
13:24
9 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
13 мин
Атәылауаҩи аиҳабыреи
Амедицинатә класс ахь ашколхәыҷқәа рыдыркылоит: ахҳәаа
13:45
4 мин
Аиҿцәажәара
Гәылрыԥшь ашколқәа аҵарашықәс разыҟаҵашьа: аҵараҟәша аиҳабы лхаҭыԥуаҩ ицәажәара
13:49
3 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Гражданин и начальник
Хана Гунба рассказала о готовности к новому учебному году в Абхазии
14:17
25 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Гражданин и начальник
Гунба об обеспечении учебниками школ Абхазии и сотрудничестве с Россией
14:44
27 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Анхаҩы Анзор Аиба ақәаҭана аиҿартәышьа даҳзалацәажәеит

Анапаҵаҩра
Гәдоуҭа араион Бармышь ақыҭан инхо анхаҩы Анзор Аиба иҭаацәараҿы есшықәса ауҭраҭыхи аџьықәреи ахьыҟарҵо аҭыԥ ацәқәа рыла ирцәаӷәоит.

Бармышь ақыҭаҿ ицәаӷәо реиҳараҩык хәажәкырамза инаркны ацәаӷәара напы адыркуеит.

Ажәытәан лассы-лассы анхацәа адгьыл рцәаӷәон қәаҭанала, иахьа еиҳа ахарахәара амоуп еиуеиԥшым атехникала адгьыл ацәаӷәара, аус адулара. Егьа ус иҟазаргьы анхацәа аӡәырҩы аџьықәреи алаҵараз ицәаӷәоит.

Ацәаӷәара иазку ақәаҭана ибзианы иныҟәгатәуп, ацәмаҭәеи, ацәеихеи ианаамҭоу иӡрыжәзароуп, ауӷә иаҵаукуа ацәқәа ибзианы ибжьатәуп, иааӡатәуп.

"Ауӷә иаҵаскуа ацәқәа сара исааӡоит, хымкрыда ицоит, изызбжьыз иҟоуп. Сцәеиха исыӡрыжәуеит, аҳәызба ибзианы исыххуеит, ауӷәи аҟьатамеи еиқәсыршәоит. Ианаамҭоу уанеиқәшәо, умццакӡакәа уцәаӷәоит", — ҳәа иҳәеит Аиба.

Ацәаӷәара знапы алаку ацәеиха иацклаԥшуеит, ианаамҭоу ахылаԥшра азыруеит. Ақәаҭана ахәҭақәа зегьы абас ишьақәгылоуп: аԥыза, ацәеиха, ацәмаҭәа, ацәшьхәа.

"Ақәаҭана ныҟәызго аԥыза ҳәа иашьҭоуп, иара адгьыл зырссуа ауп, адац ахьамоу азы ибзиоуп, адгьыл хәыҷык ихкьакьлазар иԥнаҟоит, ацәеиха аԥыза ашьҭахь иамоуп уигьы адгьыл аԥҟара иацхраауеит, ацәмаҭәа — ари ацәқәеи акәаҭанеи еимыздо хәҭоуп, ацәшьхәа — акәаҭана еибаркны изку ауп", — иҳәеит анхаҩы.

Иахьа ацәқәа рыла ицәаӷәо рхыԥхьаӡара маҷзаргьы, Гәдоуҭа араион иахьаҵанакуа Џьырхәеи, Бармышьи, Ҟәланырхәеи, Абгархықәи реиԥш иҟоу ақыҭақәа рҿы адгьыл ахьиашам, атехника неиртә еиԥш иахьыҟам анкьа еиԥш ицәаӷәоит.

Ацәаӷәара иазку аҭоурых инарҭбааны шәаԥхьар ҟалоит абра

Ацәаӷәара афотосахьақәа шәрыхәаԥшыр ҟалоит абра

 

Ажәабжьқәа зегьы
0