Аҵарадырра еснагь азҿлымҳара ацуп, уи иахәҭоу агәцаракра агхаргьы ҟалаӡом. Ашкол аҿы иуауз адырра акәхоит аԥхьаҟатәи уԥсҭазаараҿы хаҭараны уҟалара, ушьақәгылара алзыршо иуцхраауа. Ашкол аамҭазы ихымԥадатәиуп есышықәсатәи аолимпиадақәа рымҩаԥысшьа, уи иаанарԥшуеит доусы идыррақәа ахьынӡаҳараку. Ашкол иаушьҭымҭоу иакәзар, еиҳа аԥыжәара зиҭо иқәҿио амаҭәарқәа ирыбзоураны изанааҭ алихуеит.
"2016-17 шықәсазтәи аҵарашықәс амҩаԥысра иаҿуп, ишьақәҳаргылаз апрограмма инақәыршәаны. Ҵыԥх аҵарашықәс мчыбжьык ацҳамҵар ада ԥсыхәа ыҟамызт, избан акәзар ачымазарақәа ирыхҟьаны ашколхәыҷқәа рыԥсшьарамшқәа ирыцҵан. Аха сынтәа аҵарашықәс иазыԥҵәоу аамҭа ала имҩаԥысуеит, школцыԥхьаӡа раионцыԥхьаӡа дара ирыду русқәа нарыгӡоит. Сынтәи аушьҭратә ԥышәарақәа маҷк иааскьаҳгеит, лаҵарамза 2 инаркны 17-нӡа, уи зыҟаҳҵаз убри ауп, есышықәса аспортакиада иалахәыз аҵаҩцәа аԥышәарақәа рҟынтә рхы иақәиҭыртәуан, аха асортпкиада иалахәыз рсиақәа ранализ аыҟаҳцоз иаҳбеит зынӡа аспорт иадҳәалам рыхьыӡқәагьы шарбаз. Убри аҟынтә, ҵыԥх инаркны, дарбанызаалак аспорт далахәу мамзаргьы далахәуму, ашкол дҭазар, дҵаҩызар зегьы реиԥш аԥышәара аиҭозароуп", — ҳәа азгәеиҭеит Какоба.