Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Аҵара аминистр: сынтәи аушьҭратә ԥышәарақәа маҷк иааскьаҳгеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАҵара аминистр Адгәыр Какоба
Аҵара аминистр Адгәыр Какоба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҵарашықәс ахыркәшараз мызқәак роуп иаанхаз, ашықәсан аҵаратә процесс шышьақәгылази, арҭ амшқәа рзы излагаз ареспубликатә олимпиада амҩаԥысшьеи ртәы дазааҭгылоит аҵара аминистр Адгәыр Какоба.

Аҵарадырра еснагь азҿлымҳара ацуп, уи иахәҭоу агәцаракра агхаргьы ҟалаӡом. Ашкол аҿы иуауз адырра акәхоит аԥхьаҟатәи уԥсҭазаараҿы хаҭараны уҟалара, ушьақәгылара алзыршо иуцхраауа. Ашкол аамҭазы ихымԥадатәиуп есышықәсатәи аолимпиадақәа рымҩаԥысшьа, уи иаанарԥшуеит доусы идыррақәа ахьынӡаҳараку. Ашкол иаушьҭымҭоу иакәзар, еиҳа аԥыжәара зиҭо иқәҿио амаҭәарқәа ирыбзоураны изанааҭ алихуеит.

Адгәыр Какоба аҵаратә процесс шышьақәгылази, арҭ амшқәа рзы излагаз ареспубликатә олимпиада амҩаԥысшьеи ртәы дазааҭгылоит

"2016-17 шықәсазтәи аҵарашықәс амҩаԥысра иаҿуп, ишьақәҳаргылаз апрограмма инақәыршәаны. Ҵыԥх аҵарашықәс мчыбжьык ацҳамҵар ада ԥсыхәа ыҟамызт, избан акәзар ачымазарақәа ирыхҟьаны ашколхәыҷқәа рыԥсшьарамшқәа ирыцҵан. Аха сынтәа аҵарашықәс иазыԥҵәоу аамҭа ала имҩаԥысуеит, школцыԥхьаӡа раионцыԥхьаӡа дара ирыду русқәа нарыгӡоит. Сынтәи аушьҭратә ԥышәарақәа маҷк иааскьаҳгеит, лаҵарамза 2 инаркны 17-нӡа, уи зыҟаҳҵаз убри ауп, есышықәса аспортакиада иалахәыз аҵаҩцәа аԥышәарақәа рҟынтә рхы иақәиҭыртәуан, аха асортпкиада иалахәыз рсиақәа ранализ аыҟаҳцоз иаҳбеит зынӡа аспорт иадҳәалам рыхьыӡқәагьы шарбаз. Убри аҟынтә, ҵыԥх инаркны, дарбанызаалак аспорт далахәу мамзаргьы далахәуму, ашкол дҭазар, дҵаҩызар зегьы реиԥш аԥышәара аиҭозароуп", — ҳәа азгәеиҭеит Какоба.

Аҵара аминистр Адгәыр Какоба иинтервиу шәаԥхьар ҟалоит абра

Ажәабжьқәа зегьы
0