Налан Сергьегьиаԥҳа (Ҷықьԥҳа): аиашьа ижәҩахыр иалнаршо рацәоуп

Аԥсҭазаараҟны аԥҳәыс иналыгӡо ароль ҳаракуп. Аҩнреи, анреи инаваргыланы, аҭыԥҳацәеи, аҳәсеи ирылшоит аҳәынҭқарратәи акомерциатәи ус дуқәа рныҟәгара.
Sputnik

Sputnik, Саида Жьиԥҳа.

55-ҩык аусуцәа реиҳабы, Ҭырқәтәыла, иахьатәи аҭахрақәа ирықәшәо адәахьтәи аихатәы ашәқәеи аԥенџьырқәеи ахьҭрыжьуа афабрика дуӡӡа иахагылоу аԥсуа ԥҳәызба Налан Џьуаҭ-иԥҳа Сергьегьиаԥҳа (Ҷықьԥҳа) Мраҭашәаратәи атәылаҟны, аԥҳәыс лхақәиҭра ԥкуп ҳәа ԥыҭҩык ишырԥхьаӡогьы, илылшоит абизнес аныҟәгара. Уи ус шаку хаҭала агәра згеит, Ҭырқәтәыла сцаны, ҳџьынџьуаа рыԥсҭазаашьеи, рнапы злакуи анҭысҵаауаз аамҭазы.

Иуџьаль Сергьегьиаԥҳа: ҳахьыҟазаалакгьы, аԥсуара ҳарӡӡом

Налан Ҷықьԥҳа хҩык аишьцәа раҳәшьазаҵә лоуп. Аамҭала, раб Џьуаҭи иԥшәма ԥҳәыс Рабиҳаҭ Араԥ-ԥҳаи рыхшара рыманы Германиаҟа акрыуразы ицеит. Џьуаҭ, иусура инаваргыланы, аԥсуаа Рхеилак аԥиҵеит, акыршықәсагьы напхгара азиуан.

"Ҳаныхәыҷқәаз, ҳҭаацәараҟны есқьынагьы аԥсышәала акәын ҳшеицәажәоз. Сашьцәеи сареи Германиа ашкол ҳалгеит, анаҩс иреиҳау аҵараиурҭақәагьы. Аҩны ҳанааилак, шәан дшәыкәахшоуп, ҳәа ҳхатәы бызшәала иҳаҳауаз ажәақәа роуп изыбзоуроу, иахьа ҳашьцәа аԥсуааи ҳареи ҳаилибакаара", — лҳәоит Налан.

Џьуаҭи Рабиҳаҭи уамак рыбжьамхакәа, изаамҭанымкәа рыԥсҭазаара иалҵит. Усҟантәи аамҭазы, аекономика аҵара заухьаз рыхшара, Ҭырқәтәылаҟа, Адаԥазар иатәу, Калдахәара ҳәа аԥсуаа зышьҭоу ақыҭахь, раб игәараҭахь ихынҳәит.

Араҟа, дара рзыԥшын, иара убри аамҭазы адунеи зыԥсахыз раб иашьа Иашьар иҭаацәа. Ҷықьаа еибаркны, еиҳабык лаҳасабала дырхагылан Иашьар иԥшәмаԥҳәыс Маажьде Арӡынԥҳа.

"Ҳани ҳаби раамышьҭахь, нан Маажьде лакәын знапы ҳанԥшылоз. Лара лажәа ааӡаган, игәырԥхаган ҳара ҳзы", — ҳәа азгәалҭоит Налан.

Џьуаҭи Иашьари рԥацәа, фҩык аишьцәа Ҷықьаа рнапы аларкит абизнес. Рхатә џьабаала идыргылеит, еиуеиԥшым аобектқәа рзы, ҳаамҭазтәи ашәага-загақәа ирықәшәо ашәқәеи, аԥенџьырқәеи ахьҭрыжьуа афабрика ду. Ҷықьаа раалыҵқәа реиҳарак дәықәырҵо иалагеит Европа атәылақәа рахь. Иахьагьы ус ауп ишыҟоу, афабрика "Allmina" иҭнажьуа Ҭырқәтәыла ирҭиуа жәапроцентк ауп. 2015 шықәсазы, аишьцәа раалыҵқәа дырҭбаарц азы даҽа фабрикак дыргылоит, раԥхьатәи аасҭа акырӡа еиҳау. Дара уахь ииасуеит, "Allmina" напхгаҩыс раҳәшьеиҵбы Налан дахаргыланы.

Ашықәс ҿыцызтәи амаҭәарқәеи, алакәтә хаҿсахьақәеи: Илона Ҷанԥҳа лнаплыхқәа

Аԥсуа ҭыԥҳа, лашьцәа илзынрыжьыз ашьаҭа иабзоураны, аӡәы диҵамхо, афабрика ныҟәылгоит. Ҷықьаа абизнес рнапы алакуижьҭеи, ус иазԥҵәаны ирымоуп, аусурахь аԥсуаа рнаԥҳьара. Иахьа, аҩ-фабрикак рҟны, акрызуа реиҳараҩык ҳауаажәлар рхаҭарнакцәа роуп.

"Ҳара аӡәи-аӡәи ҳаицхыраауеит. Амал уазԥагьахар ҟалаӡом. Иахьа уара иумазар, иузааигәоугьы ахныҟәгаразы алшара иуҭароуп", — ҳәа азгәалҭоит аҭыԥҳа.

Налан лфабрикаҟны аҭырқәцәагьы аус руеит. Дара реиҳабы ҳаҭырла илызныҟәоит.

"Налан Џьуаҭ-иԥҳа ҟазшьала дызнымаало дыҟам, аха уеизгьы лыблақәа аџьбаррагьы хыубаалоит. Аԥсуаа ирҳәоны иҳаҳахьеит ахаҵамԥҳәыс ҳәа, убас ауп лара дшаабо", — ҳәа ҳаилдыркааит аусзуҩцәа гәыԥҩык.

Ҷықьаа рфабрикақәа, иахьа Адаԥазар ақалақь аҟны ирываҟәало маҷуп. Урҭ иҭрыжьуа атауарқәа даара рхаҭабзиара ҳаракуп. Убри азоуп, 90% Германиеи, Голландиеи, Франциеи рфирмақәа еимакны изырго.

Налан лашьцәа изныкымкәа Аԥсны иаҭаахьеит. Ларгьы уахи-ҽни лгәы азыҳәоит лџьынџьдгьыл ахь аара.

"Саб Аԥсныҟа ицара аҽҳәара ԥҵәаны ишимаз ауп, аџьынџьтәылатә еибашьра шалагаз. Уи акырӡа игәнигеит, хара имгакәагьы иԥсҭазаара далҵит. Убри сара есқьынагьы сгәы ихьаа дуны иҭазаауеит", — лҳәоит аԥҳа.

Ҷықьаа амал иазрыцҳаӡам. Доусы рхатәы ҩнқәа рызгылоуп. Аҭаацәара иаламлац раҳәшьа Налан, лаб иҩны нылмыжьит. Калдахәара ақыҭан, хәшҭаарамцак рзеиқәуп Џьуаҭ иԥҳазаҵә Налани, Иашьар иԥеиҳаб Гьиунгьир иҭаацәеи. Ҳаԥхьаҟа, Налан лаҳәшьцәеи лареи ирҭахуп, Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра еилгеижьҭеи 25 шықәса ахыҵра инадҳәаланы, рџьынџьдгьыл ахь аара. Аԥсны раԥхьаӡа акәны аҭаара, лаб игәалашәара иазылкырц лгәиҭоуп аҭыԥҳа.