Зыхәба: Ԥсҳәы ақыҭан аӡы апроблема ӡбоуп

Ԥсҳәы ақыҭа агеографиатә ҭагылазаашьа шыуадаҩугьы 2017 шықәса рзы иалыршахеит аӡыи афымцалашареи рзы ауадаҩрақәа рыӡбара, иҳәеит ақыҭа ахада Даниил Зыхәба.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 5 – Sputnik, Бадри Есиава. Ԥсҳәы ақыҭа агеографиатә ҭагылазаашьа шыуадаҩугьы 2017 шықәса рзы иалыршахеит аӡыи афымцалашареи рзы ауадаҩрақәа рыӡбара, иҳәеит ақыҭа ахада Даниил Зыхәба радио Sputnik Аԥсны аинтервиу аҭо.

"Зегь раасҭа ипроблема хаданы иаҳзыҟаз ауааԥсыра ӡыла реиқәыршәара акәын. 2017 шықәса рзы ихҳаркәшеит аӡымҩангагақәа рышьҭаҵаразы аусурақәа, аӡеизакырҭа шьақәҳаргылеит", — иҳәеит Зыхәба.

Иара иазгәеиҭеит ақыҭа агеографиатә ҭагылазаашьа аусурақәа шаруадаҩуаз.

Даниил Зыхәба иҳәеит игәҭакны ишимоу еиуеиԥшым аинформациатә хархәагақәа наԥхьаны имҩаԥыргаз аусурақәа дырбара.