АИХ: украинатәи арадикалцәа Киево-Печератәи Алаврахь амҩақәа ркит

Украинатәи арадикалцәа Киево-Печератәи Алаврахь амҩақәа ркит.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 9 — Sputnik. Украинатәи арадикалцәа Киево-Печератәи Алаврахь амҩақәа ркит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, асаит "Громадське ТВ" ("Общественное ТВ") адыррақәа шьаҭас иҟаҵаны.

"30-ҩык рҟынӡа аиҿкаара С14 алахәылацәа Киево-Печератәи алаврахь амҩа ааныркылеит", — ҳәа аҳәоит адырраҭараҟны.

Ателеканал адыррала урҭ рахь днеиит амитрополит Вышгородтәи Павел анцәаимаҵуҩцәа ицны. Урҭи арадикалцәеи аиҿцәажәарақәа мҩаԥыргеит.

Аполициаа арадикалцәа рныҟәарақәа ирԥырхагамызт.

Уаанӡа, Қьырса ауха, Киев ақалақь аҟны аҽа радикалтә еиҿкаарак "Черный комитет" захьӡу алахәылацәа анаукеи акультуреи урыстәылатәи Рцентр иақәлеит.