Инал Арӡынба абжьагаҩ хаҭа икласстә чын ианашьоуп

Инал Арӡынба иахьатәи аамҭазы Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иусбарҭаҿ ИАР атәылақәеи, Аԥсни, Аахыҵ Уаԥстәылеи асоциал-економикатә усураҿы рнырразы адепартамент аиҳабыс дыҟоуп.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 9— Sputnik. Инал Арӡынба — Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иусбарҭаҿ ИАР атәылақәеи, Аԥсни, Аахыҵ Уаԥстәылеи асоциал-економикатә усураҿы рнырразы адепартамент аиҳабы, Урыстәыла Ахада Владимир Путин Иусԥҟала аҳәынҭқарратә бжьагаҩ хаҭа икласстә чын, З акласс ианашьоуп. Абри атәы аҳәоит азиндырратә информациа аинтернет-портал аҟны.

Инал Арӡынба диит Аҟәа, 1990 шықәса рзы.

2007 шықәса рзы Аҟәатәи 10 Ашьхаруаа рышкол далгеит. Дҭалеит аекономика Иреиҳаӡоу ашкол.

2012 шықәса рзы асаммит "Молодежная восьмерка" (Вашингтон) аҟны Урыстәыла аделегациа ахадас далхын. 2013 шықәса рзы напхгара аиҭеит Санкт-Петербург имҩаԥысуаз асаммит "Молодежная восьмерка" иалахәыз урыстәылатәи аделегациа.

2014 шықәса раахыс Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иусбарҭаҟны аус иуеит.

Инал Арӡынба иахьатәи аамҭазы Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иусбарҭаҿ ИАР атәылақәеи, Аԥсни, Аахыҵ Уаԥстәылеи асоциал-економикатә усураҿы рнырразы адепартамент аиҳабыс дыҟоуп.