Арадио

Кәарҷиа: афестиваль аҳәаақәа ирҭагӡаны нап аҵаҩын аиқәшаҳаҭра

Евразиа аҟыбаҩ злоу жәлар рҟазаратә аолимпиадаҿы "аестрадатә ашәа" аноминациала актәи аҭыԥи ахьтәы медали даԥсахеит Аԥснынтә афестиваль иалахәыз Ԥкьын Сабрина, иҳәеит "Жәлар рҟазаратә центр" аиҳабы Нури Кәарҷиа, арадио Sputnik ҭелла иаиҭоз аинтервиу аҿы.
Sputnik
Нури Кәарҷиа Нальчик имҩаԥысуаз аҟазаратә фестиваль иазкны

"Афестиваль аҳәаақәа ирҭагӡаны ҳнапы аҵаҳҩит аиқәшаҳаҭра. Уаҟа иарбоуп аҟазаратә гәыԥқәа реиҭныԥсахлара, асеминрақәа рымҩаԥгара. Уи аҟазара аҿиараҿы, аҳәаақәа рырҭбааразы аҵак ду змоу акәны сахәаԥшуеит", — иҳәеит Нури Кәарҷиа.
Шәазыӡырҩла Sputnik Аԥсны арадио ишиашоу ицо аефир, асааҭ 18:00 рзы.