Арадио

Аблоҭиа "Амзаҿа ангыло" иазкны: рыҽҭырхуан еицырдыруа аԥсуа актиорцәа

Акинофильм ҭырхуан Арасаӡыхь ақыҭан хымз инарзынаԥшуа, иҳәеит арадио Sputnik астудиаҟны афильм аҿы арольқәа руак наӡыгӡоз, акинорежиссер Виачеслав Аблоҭиа, "Амзаҿа ангыло" шьҭырхуаз игәалаиршәо.
Sputnik
"Ҳазлацәажәаша ҳамоуп": Виачеслав Аблоҭиа акинофильм "Амзаҿа ангыло" иазкны

"Сара инасыгӡоз Шьаҳан ироль, аханатә Анзор Мықәба дыхәмарын акәын, аха Аԥсны иҟамзааара иахҟьаны сара исыдырҵеит. "Амзаҿа ангыло" акинофильм аҿы рыҽҭырхуан еицырдыруа аԥсуа актиорцәа зегьы", — иҳәеит Виачеслав Аблоҭиа. 

Абри атәы ажәабжь инарҭбааны шәаԥхьар шәылшоит абра>> 
Шәазыӡыҩрла арадио Sputnik Аԥсны ишиашоу ицо аефир, асааҭ 18:00 рзы.