Аԥсуа шәаҳәаҩ "Таланты Евразии – 2018" аҟны аиааира лгеит

II Жәларбжьаратәи аҟазараз аолимпиада "Таланты Евразии – 2018" мҩаԥысит Нальчик, ажьырныҳәа 5-8 рзы.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 10 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥснытәи ашәаҳәаҩ қәыԥш Сабрина Ԥкьынԥҳа актәи аҭыԥ аанылкылеит Нальчик, ажьырныҳәа 5-8 рзы имҩаԥысуаз аолимпиада "Таланты Евразии – 2018" аҟны ҳәа иҳәеит Sputnik аинтервиу азҭаз, афестиваль ажиури алахәыла, Аԥсны зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩ, жәлар рҟазара Ареспубликатә центр адиректор Нури Кәарҷиа.

"Сабрина Ԥкьынԥҳа изныкымкәа дрылахәхахьеит еиуеиԥшым ашәаҳәаратә еиндаҭларақәа. Иланашьахахьеит аԥхьахәқәа. Сынтәа лара Аԥсны ахьӡала Нальчик имҩаԥысуаз аҟазара аолимпиада далахәын. Аноминациа "Аестрадатә ашәа" аҟны актәи аҭыԥ аанылкылеит", — иҳәеит иара.

Уи адагьы иара, афестиваль ажиури алахәыла, Аԥсны зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩ, жәлар рҟазара Ареспубликатә центр адиректор Нури Кәарҷиа ихаҭа ианашьан II Жәларбжьаратәи аҟазараз аолимпиада "Таланты Евразии – 2018" аҳамҭа ҷыда, аолимпиада аиҿкаараҿы илагалақәа рзы.

Нури Кәарҷиа арадио иаиҭаз аинтервиу шәазыӡырҩыр шәылшоит абра>>

Алахәылацәа зегьы ашәак-ашәак рҳәон. Сабрина англыз бызшәала ашәа налыгӡон. Лынагӡара аҩаӡара ҳаракы аман иҳәеит Кәарҷиа.

Аолимпиада иалахәын Азиеи Мрагылара ааигәеи, Аԥсныи, Ермантәылеи, Аахыҵ Уаԥстәылеи, Адыгеиеи, Нхыҵ Уаԥстәылеи, Чечнеи, Ингушетиеи Ҟабарда-Балкариеи, Ставропольтәии Краснодартәии атәылаҿацәқәа, Ростовтәи аобласт, Москва рхаҭарнакцәа.

Аолимпиада амҩаԥгара хықәкны иамоуп аҿар реидкылара, атрадициатә культурақәа рызхьаԥшра.