Михаил Державин иԥсҭазаара далҵит

Михаил Державин атеатри акинои рҿы ирацәаны арольқәа наигӡахьан.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 10 — Sputnik. Асатира атеатр актиор, Урыстәыла жәлар рартист Михаил Державин ахашаҽны иԥсҭазааара далҵит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

"Акраамҭатәи ичымазара ашьҭахь иԥсҭазаара далҵит артист Михаил Державин" — иҳәеит атеатр ахаҭарнак.

Аԥсыжра амш ҷыдала ирылаҳәахоит.