Карлов ишьра еиҿикааит ҳәа агәҩара ззыҟоу даанкылоуп

Иаанкылоу ауаҩы ихы иаирхәон апрограмма ByLock, аҭырқәа мчрақәа ргәаанагарала иара ахархәарала FETO алахәылацәа ишифрырку адыррақәа рибаҭоит.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 11 — Sputnik. Ҭырқәтәыла аполициа дааныркылеит Урыстәыла Ацҳаражәҳәаҩ Андреи Карлов ишьра аиҿкаара далахәуп ҳәа агәаанагара зызрымоу ахаҵа. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости агазеҭ Sabah адыррақәа ҵаҵӷәны иҟаҵаны.

Ианкылоу ихьӡ макьаназы ирзам. Аҭыжьымҭа ахыҵхырҭатә информациала иаанкылоу Фетхуллах Гиулен (FETO) иоппозициатә гәыԥ далоуп. Убри инадҳәаланы иара иусура дамхын. Ахаҵа аамҭақәак даанкылан дрыман, аха нас доужьын. Иаанкылоу ауаҩы ихы иаирхәон апрограмма ByLock, аҭырқәа мчрақәа ргәаанагарала иара ахархәарала FETO алахәылацәа ишифырку адыррақәа рибаҭоит.

Уаанӡа урыстәылатәи Ацҳаражәҳәаҩ ишьра иалахәуп ҳәа иааныркылахьан хәҩык ауааԥсыра: аполициауаа хҩык, аҭыжьырҭатә гәыԥ Guru Medya аиҳабы Хаиреддин Аидынбаш, Карлов дахьыршьыз ацәыргақәҵа аиҿкааҩ Мустафа Тимур Озкан.

Карлов дҭархан 2016 шықәса ԥхынҷкәын 19 рзы. Ашьра ҟаиҵеит Мевлиут Алтынташ.