Арадио

Кәыҵниаԥҳа: аҿари аспорти рызҵаарақәа рзы аусбарҭа апроектқәа ирыцаҳҵоит

Аҟәа ақалақь аҿари аспорти рызҵаарақәа рзы аусбарҭа имаҩаԥнаго апроектқәа зегьы ирыцҵахоит, абри атәы Sputnik арадиостудиаҟны илҳәеит аусбарҭа акомитет аспециалист хада Есма Кәыҵниаԥҳа.
Sputnik
"Хра злоу ахҭысқәа": Есма Кәыҵниаԥҳа аҿари аспорти рызҵаарақәа рзы аусбарҭа апроектқәа ирызкны

"Аԥхынтәи акинотеатр, аныҟәарақәа, еиуеиԥшым аныҳәақәа рзы акциақәа рымҩаԥгара — абарҭ апроектқәа зегьы ирыцҵахоит ҳазҭалаз ашықәс азы. Иара убас, Аиааира 25 шықәса ахыҵра инамаданы ҳгәы иҭоуп  ҳаибашьцәа рхырӷәӷәарҭақәа ахьыҟьаз аҭыԥқәа аҿар дырбара, рзеиҭаҳәара", —  лҳәеит Кәыҵниаԥҳа.
Шәазыӡырҩла Sputnik Аԥсны арадио ишиашоу ицо аефир, асааҭ 18:00 рзы.