Ажьырныҳәа 4-5 рзы 10 000 рҟынӡа машьына аҳәаа иахысит

2017 шықәса ԥхынҷкәын 30 инаркны 2018 шықәса ажьырныҳәа 8 рҟынӡа 10 000 рҟынӡа машьына аҳәаа иахысит.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 12– Sputnik. 2017 шықәса ԥхынҷкәын 30 инаркны 2018 шықәса ажьырныҳәа 8 рҟынӡа 10 000 рҟынӡа машьына аҳәаа иахысит. Аиҳарак урҭ рхыԥхьаӡара рацәан ажьырныҳәа 4-5 рзы. Абри атәы аанацҳауеит Аладатәи аҳазалхратә усбарҭа.

"Абарҭ амшқәа рзы аҳәаа иахысит 10 000 рҟынӡа машьынеи 53 000-ҩык рҟынӡа ауааԥсыреи" ҳәа аҳәоит аусбарҭа адырраҭара.

Зынӡа иааидкыланы аныҳәамшқәа раан аҳәаа иахысит 60 000 рҟынӡа машьына.

2017 шықәса ԥхынҷкәын 30 инаркны 2018 шықәса ажьырныҳәа 8 рҟынӡа аҳәаа иахысит 270 000-ҩык ауааԥсыра.

2016-2017шықәсқәа рзы аҳәаа иахысит ҳәа ашәҟәы иҭаҩын 240 000-ҩык ауааԥсыреи 53 000 транспорт хархәагеи.