Арадио

Џьопуа: ауаҩы аиха анцәырҵ нахыс Ажьира дамҵаныҳәоит

Ауаҩы аихала ихы ихьчо, уи ихы иархәаны ихәы ааирыхуа даналага инаркны Ажьыра дамҵаныҳәоит ҳәа агәаанагара сымоуп иҳәеит Sputnik арадиостудиаҟны Гәылрыԥшь араион абыргцәа рхеилак ахантәаҩы Уанка Џьопуа.
Sputnik
Џьопуа: ауаҩы аиха анцәырҵ нахыс Ажьира дамҵаныҳәоит

"Ажьырныҳәа еилыргаган иҟан, иара рӷәӷәагангьы иҟан, изеицәааӡои, Ажьыраҿы инеины ианыбӷозгьы ыҟан. Иахьа Ажырныҳәа ныҳәак аҳасабала аҭаацәарақәа зегьы аԥылоит, рхы рныҳәоит", —  иҳәеит Џьопуа.
Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны ишиашоу ицо аефир, асааҭ 18:00 рзы.