Виктор Анпилов иԥсҭазаара далҵит

Урыстәыла ауаажәларратәи аполитикатәи усзуҩ Виктор Анпилов 72 шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 16 — Sputnik. Аиҿкаара "Трудовая Россия" аԥхьагыла, ахада Виктор Анпилов ашәахьаҽны иԥсҭазаара далҵит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости. Аинформациа аагоуп Аҳәынҭқарратә Дума уаанӡатәи адепутат Дариа Митина Facebook аҿтәи лдаҟьаҟны иҟалҵаз адырраҟынтәи.

"Иахьа, ажьырныҳәа 15 рзы иԥсҭазаара далҵит акоммунист иаша, аерудит, аполиглот, жәларбжьаратәи акоммунисттә еиҿкаарақәа раԥхьагыла Виктор Иван-иԥа Анпилов", — ҳәа лыҩуеит Митина.

Анпилов Facebook аҿтәи идаҟьаҟны ишарбоу ала адабла исит.