АҞӘА, ажьырныҳәа 17– Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Очамчыра араион ауааԥсыра дырԥылеит ажьырныҳәа 16 рзы. Аиԥылараҟны Рауль Ҳаџьымба иазгәеиҭеит ажьырныҳәа 3-5 рзы амитингқәа еиҿызкааз Гьаргь Лукаа иоушьҭра ҿарԥаны иҟарҵеит атәылаҿы аполитикатә ҭагылазаашьа аҵшәааразы ҳәа.
Асеиԥш иҟоу аизарақәа аҳәынҭқарратә шьақәгылара аԥыргара рылшар ауеит ҳәа иазиԥхьаӡоит Рауль Ҳаџьымба.
"Сара зегьы схараны сцәырызгар зҭаху рацәоуп. Сара аҭакԥхықәра мап ацәыскуам. Агәра шәсыргар сылшоит атәыла Аконституциа инақәыршәаны схы шымҩаԥызгаз. Ирҳәоит Лукаа иоушьҭра шԥаҟалоз ҳәа, аха Лукаа ҳашьцәа ауаԥсаа дрыҭныԥсахлоуп", — иҳәеит Ахада.
Рауль Ҳаџьымба иҳәеит аҽазныкгьы асеиԥш аҟаҵара аҭахханы иҟазар аусԥҟа анапаҵаҩра мап шацәимкуа.
"Сара аҳәынҭқарреи ауаажәлари ринтересқәа смыхәшьадӡеит. Сара исҭаху акоуп: ҳара ҳара ҳаизыӡыҩрларц. Аӷа иҿаԥхьа мацара акәзар аидгылара анҳамоу, аҳәынҭқарра аргылара ҳалшарыма?" — иҳәеит Ҳаџьымба.
Атәыла Ахада иҳәеит иаамҭа ааиаанӡа инапынҵақәа рааныжьра игәы ишҭам.
"Сара Аԥсны Аконституциа инақәыршәаны атәыла Ахада изинмчра сымоуп 2019 шықәсанӡа", — иҳәеит иара.
Рауль Ҳаџьымба ааԥхьара ҟаиҵеит атәылаҿ иҟоу амчрақәа зегьы рҽеидкылараз.