Аррамаҵзурауаа аминомиотқәа рыла ахысрақәа мҩаԥыргеит

Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Аладатәи арратә округ аррамаҵзурауаа адәытә ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 17—Sputnik. Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Аладатәи арратә округ аррамаҵзурауаа адәытә ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит ашьхатә полигон Ҵабал аҟны. Ахархәара рыҭан 22-миллиметра иҟоу агаубицақәа Д-30, 120-миллиметра иҟоу аминамиотқәа "Сани". Абри атәы аанацҳаит Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Аладатәи арратә округ апресс-маҵзура.

Аррамаҵзурауаа рыбжьара напышьашәалатәи аисра ачемпионат мҩаԥысит

"Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Аладатәи арратә округ аррамаҵзурауаа адәытә ҽазыҟаҵарақәа рҳәаа иҭагӡаны аполигон Ҵабал аҟны аҵаратә зыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит. Аррамаҵзурауаа тревогала ршьапы иқәыргылан, аҽазыҟаҵаратә комплексқәа ирхыжьын. Аҵаратә зыҟаҵарақәа инарықәыршәаны Урыстәыла аруаа аминомиотқәа "Сани" ала 100 рҟынӡа атехника ласы аиԥшра змаз цәҟьара ҭадырхеит", — ҳәа аҳәоит Аладатәи арратә округ апресс-маҵзура адырраҭара.

Арратә база амотохысыҩцәа рыхәҭа, ҳаамҭазтәи атанкқәа, аакәылӡы транспартиорқәа рыла 150-километра иҟаз амҩа иахысит апалигон "Ҵабал" аҟны. Уи адагьы урҭ еиуеиԥшым ахысрақәа мҩаԥыргоит аминамиотқәеи артиллериатә гаубицақәеи егьырҭ абџьархкқәеи рыла", — ҳәа аҳәоит Арратә округ апресс-маҵзура ашәҟәаҟны.

Иара убасгьы азшьақәа рырҭараны иҟоуп зхысра уадаҩу аҭыԥқәеи амҩақәеи рҟны арратә штаттә техника арныҟәцарази аԥшыхәрақәа рымҩаԥгарази. Знысра уадаҩу аҭыԥқәа рҟны аԥынгылақәа ирхысуеит. Аҽазыҟаҵарақәа ирыдыԥхьалоуп 200-ҩык рҟынӡа аруаа.