Аладатәи арратә округ аруаа аҽыхьчаратә тактиказ аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит

Аԥсны иҟоу Аладатәи арратә округ аруаа аҽыхьчаратә тактиказы аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит аполигон "Ҵабал" аҟны. Абри аан арратә техникеи абџьари рыла ахысрақәа мҩаԥыргеит ҳәа аанацҳауеит Аладатәи арратә округ апресс-маҵзура.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 18 — Sputnik. Аԥсны иҟоу Аладатәи арратә округ аруаа агәаҭарақәа рҳәаа иҭагӡаны арратә техникеи абџьари рыла ашьхаратә ҭыԥқәа рҟны аҽыхьчаратә тактиказ азыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит ҳәа аанацҳауеит Аладатәи арратә округ апресс-маҵзура.

Аррамаҵзурауаа аминомиотқәа рыла ахысрақәа мҩаԥыргеит

"Аԥсны иҟоу Аладатәи арратә округ урыстәылатәи арратә база аррамаҵзурауаа разыҟаҵара мҩаԥыргон аштаб афицарцәа. Дара иазгәарҭон арратә еилазаара азыҟаҵара аҭагылазаашьа, иаарласӡаны рнапы ианҵоу адҵақәа рынагӡашьа", — ҳәа арбан уаанӡатәи апресс-реализ аҟны.

Апресс-маҵзура аинформациала ауснагӡатә иалахәын 500 инареиҳаны амотохысыҩцәа, 50 инареиҳаны атехника ҷыда.

Ахысратә полигон аҟны ахархәара рыман агранатаршәгақәа, Калашников иавтомат АК-74, аснаипертә винтовкақәа, аршьаҟатә пулемиотқәа, артиллериатә гаубицақәа, егьырҭ абџьар хыкқәа.

Ар ашьхаратә ҭыԥқәа рҟны аҽыхьчаратә тактиказы ирымоу рдыррақәа аадырԥшуан. Автомабилтә колоннақәа рмашьынарныҟәцаҩцәа ашьха ӡиасқәеи аҭҳәаақәеи ирхысуан, ҷыдала ирыҭаз аԥынгылақәа ирҿысуан. Акәылӡылас атехникеи "аӷа" ирмчқәеи иреихсуан. Аҽазыҟаҵарақәа раан рхы иадырхәон амаскировка ахархәагақәа, алҩалаушьҭрала аҽыҵәахра.