Арадио

Гәынба аҳәынҭқарратә ансамбльқәа ргастрольқәа иазкны: аҿыцрақәа алагалоуп

Аԥсны акультуреи аҭоурыхтә - культуратә ҭынха ахьчареи рминистрра Аԥсны аҳәынҭқарратә ансамбльқәа 2018 ашықәсазтәи ргастрольтә план шьақәырӷәӷәоуп, абри атәы иҳәеит Sputnik арадиостудиаҟны аминистрра аспециалист хада Адамыр Гәынба.
Sputnik
"Ҳазлацәажәаша ҳамоуп": Адамыр Гәынба аҳәынҭқарратә ансамбльқәа ргастрольқәа иазкны

"Ари аплан х-хәҭакны еихшоуп. Ҳалагоит хәажәкырамза инаркны. Аҳәынҭқарратә ансамбльқәа ргастрольқәа аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсны ахыи аҵыхәеи иқәгылоит", — иҳәеит Адамыр Гәынба.
Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны ишиашоу ицо аефир, асааҭ 18:00 рзы.