"Қьалашьбеи" аԥсуа сценаҟны

Sputnik

Аԥсны аҳәынҭқарра адраматә театр асценаҟны аҿартә театр актиорцәа ахәаԥшцәа иддырббеит Анзор Мықәба иҩымҭа иалху аспектакль "Қьалашьбеи" аԥшьаша, ажьырныҳәа 18 аҽны. Ақәыргыламҭа ианыԥшуеит Аԥсны XIX ашәышықәсазы имҩаԥысуаз ахҭысқәа. Иара ихьӡ Кавказ акәша-мыкәша зегьы ирдыруан. Аҳ иполитика ззырхаз Ҭырқәтәыла аҳраҟнытә Аԥсны аҵыҵра акун.

1 / 8
Аҧсуа Ҳәынҭқарратә Аҿар Ртеатр иааныртит атеатртә сезон - қәгыларак змоу, аҭоурыхтә драма "Қьалашьбеи" ала.
2 / 8
Аспектакль иалахәын 21 ҩык актиорцәа. Аҭоурыхтә драма ақәыргылаҩ – арежиссиор Шьалуа Гыцба.
3 / 8
Аспектакль ықәыргылоуп Анзор Мықәба ипиесала, ианыԥшуеит Аԥсны XIX ашәышықәсазы имҩаԥысуаз ахҭысқәа.
4 / 8
Аҭоурыхтә драма аԥсуа сценаҟны: "Қьалашьбеи" аҿартә театр рыхәмарраҿы
5 / 8
Еиҳа иуадаҩу —аҭоурых ацәхьамҵра ауп, лҳәеит Атеатр асахьаркыратә напхгаҩы Аԥсны жәлар рартистка Софа Агәмааԥҳа.
6 / 8
1950 шықәсазы Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр асценаҟны иқәдыргылахьан аҭоурыхтә пиеса "Асас еиқәаҵәақәа" Гьаргь Гәлиа иповест ала.
7 / 8
Аҳ Қьалашьбеи иҭоурых, уи Аԥсны данахагылаз аамҭа, изныкымкәа иазхьаԥшхьан ашәҟәыҩҩцәа.
8 / 8
Аҭоурыхтә драма "Қьалашьбеи" автор, аԥсуа драматург Анзор Мықәба, апиеса аҩра дазхьаауан 30 шықәса инарзынаԥшуа. Иҩны далгеит Аԥсны аџьынџьтәылатәи еибашьра алагамҭаз. Иара иажәақәа рыла акырӡа еиуеиԥшым аҭоурыхтә ҩымҭақәа дрыԥхьеит, ахыҿсахьақәа раарԥшразы. Анзор Мықәба гәахәарыла идыикылеит актиорцәа ҿарацәа рыхәмарра.