Трамп: Минсктәи аиҿцәажәарақәа аҽаџьара ииагатәуп

АЕШ (США) Ахада Дональд Трамп игәаанагарала аиҿцәажәарақәа "Минск-1" лҵшәа рымам аганқәа реилибамкаара иахҟьаны. Аиҿцәажәарақәа аҽа ҳәынҭқаррак аҳҭнықалақь ахь ииагатәуп.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 19 — Sputnik. АЕШ (США) Ахада Дональд Трампи Казахсҭан Ахада Нурсултан Назарбаеви реицәажәараан иазгәеиҭеит аиҿцәажәарақәа "Минск-1" лҵшәа рымам аганқәа реилибамкаара иахҟьаны ҳәа. Аиҿцәажәарақәа аҽа ҳәынҭқаррак аҳҭнықалақь ахь ииагатәуп азгәаиҭеит иара. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"Аханатә аиҿцәажәарақәа Ҟазахсҭан рымҩаԥгара азыԥхьагәаҭан" — иҳәеит Назарбаев.

Ҟазахсҭан Ахада иазгәеиҭеит Донбассҟа аҭынчреиҿкааратә ар ралагалара дшадгылаҩу. Иара игәаанагарала уи аганқәа реилибакааразы ихәарҭахон.

Донбасстәи аимак аҭышәныртәалара Минск имҩаԥырго "нормандтәи аформат" аҳәаақәа ирҭагӡо аиҿцәажәараҿ изҵаара хаданы иқәгылоуп.