40-ҩык рҟынӡа ҭахеит Кабултәи отель ианақәлоз

"Талибан" аибашьцәа Intercontinental Hotel иақәлеит асабшаҽны.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 22 — Sputnik. "Талибан" аибашьцәа Афганисҭантәи Intercontinental Hotel иақәлеит асабшаҽны. Ақәылараан иҭахеит 43-ҩык ҳәа аанацҳауеит РИА Новости ателеканал Tolo News адыррақәа шьаҭас иҟаҵаны.

18-сааҭ инарзынаԥшуа ицон ақәылара. Ақәылара ахахьы иагеит арадикалтә еиҿкаара "Талибан".

Ақәылаҩцәа Intercontinental Hotel иақәлеит асабша ахәылбыҽха. Реиқәырхара рылшеит 126-ҩык ауааԥсыра. Уажәтәи аамҭазы амцарцәаҩцәа амца арцәара иаҿуп.