Ҭырқәтәыла шьамтәылатәи Африн атанкқәа аланагалеит

Уаанӡа Ҭырқәтәыла арратә штаб хада аҳәамҭа ҟанаҵеит шьамтәылатәи Африн аҟны акурдцәа ирҿагыланы ажәылара ишалагаз азы.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 22 — Sputnik. "Зых иақәиҭу шьамтәылатәи ар" акурдцәа рпартиа PYD апозициақәа ирыжәлоит, урҭ ирыдгылоит Ҭырқәтәыла ҳәа адырра ҟанаҵеит РИА Новости амаҵзура NTV адыррақәа шьаҭас иҟаҵаны. Уажәы Ҭырқәтәыла арратә техника Афринҟа инанагеит.

"Зых иақәиҭу шьамтәылатәи ар" акурдцәа рпозициақәа ирыжәлоит

Иазгәарҭоит акәлӡтәы техника ҿагылара ӷәӷәак амамкәа иҟоуп акурдцәа рганахь аҟынтә.

Уаанӡа Ҭырқәтәыла Ахада Реджеп Таиип Ердоган аҳәамҭа ҟаиҵахьан ҭырқәтәылатәи ар шьамтәылатәи Африн аҟны аоперациа шхацнаркыз. Аамҭақәак рышьҭахь ҭырқәтәылатәи АИх адырра ҟарҵеит Ҭырқәтәыла ар Африн иҟоу PYD апозициақәа аҳауаҟынтә ирылахысуа ишалагаз.

Аоперациа иалагеит асабша, асааҭ 17.00 рзы. Аштаб хада ишаанацҳауа ала аоперациа иалахәын: 72 ҳаирплан.

Шьамтәыла Ҭырқәтәыла ахымҩаԥгашьа иақәыӡбоит.