АҶА аоперациа ҷыда мҩаԥнагеит

Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра аусзуҩцәа ҩажәа минуҭ инарзынаԥшуа аамҭа рцәагеит аҵлаҿ иқәхаз ацгәы аиқәырхаразы.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 23 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аҟәа инхо ауаҩԥсы лыцгәы аҵлаҿ иқәхеит, ахала изымылбааит. Аҭыԥ ахь инеит Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра аусзуҩцәа. Ахҭыс ҟалеит амҽыша, ажьырныҳәа 21 рзы.

"Амҽыша, асааҭ 14.02 рзы Аҟәа ақалақь аҿы инхо аԥҳәыс аҭел даҳзасит. Иҳалҳәеит лыцгәы аҵла ишықәхаз. Ацхыраара шаҭаху. Ҳусзуҩцәа иаарласны аҭыԥ ахь инеит" ҳәа ҳарҳәеит АҶА аҟны.

Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра аусзуҩцәа ҩажәа минуҭ инарзынаԥшуа аамҭа рцәагеит аҵлаҿ иқәхаз ацгәы аиқәырхаразы. Ахҭыс ҭырхит иахҭыгәлаз. Ацгәы акәзар, ишеиқәдырхоз адырызшәа иҭынчӡа ахы мҩаԥнагон.

Ацгәы аԥшәма аиқәырхаҩцәа ҭабуп ҳәа ралҳәеит.