Ашәаҳәаҩцәа ҿарацәа рконцерт Аҟәа имҩаԥысуеит

Фаиа Мархолиаԥҳа лмузыкатә студиа аҵаҩцәа рконцерт иазку апресс-конференциа мҩаԥысит ажьырныҳәа 23 рзы Sputnik аҿы.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 23– Sputnik, Сариа Кәарацхьелиаԥҳа. Фаиа Мархолиаԥҳа лмузыкатә студиа аҵаҩцәа рыҳасабырбатә концерт аҿы хедлаинерцәас иҟалоит ашоу "Ты супер" аҟны аиааира заҭәашьахаз Валериа Адлеиаԥҳаи "Ты супер! Танцы" афиналистка Милена Тачулиаԥҳаи лҳәеит апресс-конференциаҟны Фаиа Мархолиаԥҳа.

Валериа Адлеиаԥҳа шықәсыбжак иназынаԥшуа Фаиа Мархолиаԥҳа лстудиаҿы лҽазыҟалҵоит. Лара уи илнаҭоит аԥышәа бзиа.

"Арепетициақәеи ақәгыларақәеи ҳәарада аиԥшымзаара рымоуп. Ақәгылараан уара ухы-уԥсы зегьы азыӡырыҩцәа ирзушар уҭаххоит, урҭ агәахәара руҭарц уҽазушәоит", — лҳәоит Валериа.

"Ты супер!" аҟны иаиааиз Валериа Адлеиаԥҳа ауада лоуит

Авокалтә студиа аҳасабырбатә концерт шакугьы имҩаԥысуа Фаиа Мархолиаԥҳа илыӡбеит акәашарақәагьы гәыгәҭалмыжьырц. Аконцерт далахәхоит ашоу "Ты супер! Танцы" афиналистка Милена Тачулиаԥҳагьы.

"Сара сацкәашоит Полина Гагарина лашәа "Драмы больше нет". Даара сгәы иахәоит аконцерт сахьалахәхо", — лҳәеит Милена Тачулиаԥҳа.

Арҵаҩы Фаиа Мархолиаԥҳа лажәақәа рыла лҵаҩцәа аҳасабырбатә концерт ргәы хыҭ-хыҭуа иазыԥшуп.

"Апрограмма акыр интересуп. Аԥсуа ашәақәа реиԥш аҳәаанырцәтәи ашәақәагьы нагӡахоит", — лҳәеит лара.

Фаиа Мархолиаԥҳа лмузыкатә студиа аҵаҩцәа рконцерт мҩаԥысраны иҟоуп ажьырныҳәа 25 рзы.

Фаиа Мархолиаԥҳа – Аҟәатәи авокалтә студиа директорс дамоуп. Астудиаҿы рҽазыҟарҵоит 30-ҩык инарзынаԥшу аҟыбаҩ злоу ахәыҷқәа. 2017 шықәса цәыббрамзазы арахь аныҟәара далагеит "Ты супер" аҟны аиааира згаз Валериа Адлеиаԥҳа.

Аинформациатә маҵзуреи арадиои Sputnik Аԥсны аҳасабырбатә концерт информациатә партниорны иазыҟалоит.