Аолимпиадаҿ Урыстәыла абираҟ аҟазаара азин ҟарҵом

Аолимпиада иалахәым атәылақәа рбираҟқәа атрибунақәа рахь рнагара азин ҟарҵом.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 24 — Sputnik. Жәларбжьаратәи аолимпиатә еилакы аолимпиада иалахәым атәылақәа рбираҟқәа атрибунақәа рахь рнагара азин ҟанаҵом. Аолимпиадаҿы урыстәылатәи аспортсменцәа рыстатус "Урыстәылатәи аспортсменцәа аолимпииццәа" ҳәа ауп ишыҟоу.

Дара аолимпиада абираҟ иаҵагыланы иқәгылоит. Ус анакәха Урыстәыла абираҟ аолимпиатә хәмаррақәа рҟны ицәыргахом. Абри атәы аанацҳауеит Р-Спорт.

Жәларбжьаратәи аолимпиатә еилакы ԥхынҷкәынмзазы аӡбра аднакылеит "ицқьоу" урыстәылатәи аспортсменцәа Аолимпиада иалахәхар шыҟалоу, аолимпиада абираҟ иаҵагыланы.

Пхенчхан аолимпиатә хәмаррақәа мҩаԥысраны иҟоуп жәабран 9-25 рзы.