Арадио

Арсалиаԥҳа аконкурс иазкны: аҟазацәа зегьы рхы аладырхәырц ҳҭахуп

Аицлабра ҳҟазацәа зегьы алахәызарц ҳҭахуп, акомиссиа иреиӷьу апроект алхра алшара роурцаз, лҳәеит арадио Sputnik иалҭаз аинтервиу аҿы Аԥсны акультуреи аҭоурыхтә культуратә ҭынҳа ахьчареи рминистр Ельвира Арсалиаԥҳа.
Sputnik
"Ҳазлацәажәаша ҳамоуп": Ельвира Арсалиаԥҳа аконкурс иазкны

"Иҟоуп аконкурс ҩынтәны иахьымҩаԥаҳгогьы, уи зыхҟьазгьы апроектқәа ахьҳадрымгалаз ауп. Хаҭала иаҳҳәозар, 2019 шықәса Фазиль Искандер ишықәс ауп, иаҳҭахын абаҟа уи аамҭазы иргылазарц", — лҳәеит Арсалиаԥҳа.
Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны ишиашоу ицо аефир, асааҭ 18:00 рзы.