Ҳаџьымба: Гал иахьа апроблема ҳнаҭаӡом

Гал араион ауааԥсыра апаспортқәа риура, анхара азин аиура, тәанчахәыла аиқәыршәара уҳәа азҵаарақәа ринтерес рыманы ишьҭырхит Аԥсны анапхгареи дареи реиԥылараан.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 24 – Sputnik, Анжелика Бениаԥҳа. Галл иахьа азакәанеиҿкаараҿы апроблема ҳнаҭаӡом, ашәахтәқәа реизгара аус аҟны азакәан иацныҟәоит иҳәеит Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Гал араион ауааԥсыра данырԥылоз.

"Иахьазы Гал араион аԥыжәара амоуп абиуџьет ахь ашәахтәқәа рнагаразы. Азинеиҿкаара акәзар, проблемак ҳнаҭом. Ҳара ҳзы акраҵанакуеит шәгәы иҭыхо аилкаара. Уи иаанагом абырсааҭк шәҿаԥхьа иқәгыло азҵаарақәа зегьы аӡбра раҳҭоит ҳәа, аха ҳара иҳалшо зегьы ҟаҳҵоит шәыԥсҭазаара, шәыбзазара аиӷьтәразы", — иҳәеит Рауль Ҳаџьымба.

Атәыла Ахада иазгәеиҭеит ареспублика маҷ-маҷ ахатәы биуџьет ахархәарахь амҩа ишықәу. Ашәахтәқәа шәатәуп, аҳәынҭқарра акы унаҭарц азы уаргьы ак ауҭароуп иҳәеит иара.

Ахада иқәгылараҿы иҳәеит хышықәса рыҩныҵҟала иҟаҵоу шмаҷым, аха иҟаҵатәу акыр ишеиҳау. Ҳара маҷ-маҷ акәзаргьы, ҳхала ҳхы ныҟәаагартә еиԥш иҟоу аҭагылазаашьа азкылсра ҳаҿуп. Иахьазы ҳхатәы биуџьет иартәоит хә-миллиард мааҭ. Ари ҳара ҳзеиԥш қәҿиароуп иҳәеит атәыла Ахада. Аполитикатә ҭагылазаашьа далацәажәо Ҳаџьымба иҳәеит амчра акритика азурагьы чмазараны иҟамлароуп ҳәа.

"Ҳара аусгьы аауеит амитингқәагьы мҩаԥаагоит. Уи атәылазы хра аманы иҟам. Аоппозициа ыҟазароуп. Иҟамзааит ҳәа аӡәгьы имҳәаӡеит, аха аусура иаԥырхагахо аиҿагылара ҟалашьа амам", — иҳәеит иара.

Рауль Ҳаџьымба еизаз ауааԥсыра рызҵаарақәа рҭак ҟаиҵеит, аиҳарак урҭ ззырхаз паспортлеи анхара азини рыла реиқәыршәареи атәанчахәы аиуреи ракәын.

"Қырҭтәыла атәылауаҩра змоу аҽа тәылак датәылауаҩхар ҟалаӡом. Шәареи ҳареи ҳтәыла еицышьҭаҳхроуп. Аха иара убри аан ибзианы шәхазы еилышәкаароуп: Аԥсны атәылауаҩра шәҭаху ишәҭахыму. Атәанчахәы азҵаара ҳзакәанԥҵара инақәыршәаны аӡбра аиуеит. Ҳара уи аус адааулоит", — иҳәеит Ҳаџьымба.

Гал араион адепутатцәа реизара ахантәаҩы Иури Кәакәасқьыр далацәажәеит сынтәа ақыҭанхамҩа аԥхасҭа ду азҭаз амармалташь пты. Иара иҳәеит ашықәс ҿыцаз араион ишаҭаз 40 тонна аџьықәрии 20 тонна ачашылеи.

"Амармалташь пты ақәгаразы 4 миллион мааҭ рҟынӡа аԥара азоужьын. Ҩынтә ахәышәтәрақәа мҩаԥаагеит, аха зегьы лыҵшәадахеит. Араион арасеи ацитрустә шәырқәеи рыла ибеиаз, сынтәа аҽаҩра амоиуит. Ҳара аполитика ҳҽалаагалом, ҳара аус аауеит, аҿиара ҳашьҭоуп. Еиҟәшоу ажәлар уаҵәтәи аԥеиԥш рымам. Ҳара зегьы ҳаӡәыкхароуп", — иҳәеит иара.

Галтәи ахәышәтәырҭаз МРТ акыр ихәарҭахон

Урыстәылатәи Афедерациа Акомплекстә план ацхыраарала ақалақьи араиони рымҩадуқәа аремонт рызууп, еиҭашьақәыргылоуп акультуратәи аҵаратәи усҳәарҭақәа иҳәеит Аԥыза-министр Беслан Барцыц.

"Араион аплантә рбагақәа 93% инаӡоит. Ареспубликатә дотациақәа ианраамҭаз араион абиуџьет ахь ииаган. Уи иалнаршеит араион ахадара рбиуџьеттә уалԥшьақәа рынагӡара", — иҳәеит Барцыц.

Гал араион Ахада Тимур Надараиа иазгәеиҭеит араион аҿаԥхьа атәыла Ахада дҵаны ишықәиргылаз араион ауааԥсыра аԥсуа етнокультуратәи, асоциалтәи, аекономикатәи еилазаара ралагалара ацхраара азура.

"Гал араион ашколқәа роушьҭымҭацәа проблемада ААУ иҭалар рылшоит. Иазгәаҭатәуп абитуриентцәа есышықәса рхыԥхьаӡара ишазҳауа", — иҳәеит Надараиа.