Европа иқәынхо ЕАШ асанкциақәа ирықәшаҳаҭым

Франциатәи акомпаниа Ifop европатәи аҳәынҭқаррақәа рҿы имҩаԥнагеит аҭҵараа европатәи ахеилакқәа рганахьала ЕАШ имҩаԥнаго асанкциатә политика иахьынӡақәшаҳаҭу.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 25– Sputnik. Франциа ауааԥсыра рыбжеиҳараҩыки (65%), Германиа иқәынхои (61%) Урыстәылеи европатәи акомпаниақәеи еицырзеиԥшу агазтә проектқәа асанкциақәа рыдҟаҵалара иақәшаҳаҭым. Аҭҵаара мҩаԥнагеит акомпаниа Ifop Жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзуреи, арадио Sputnik азы, Sputnik. Агәаанагара апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны.

Ас еиԥш иҟоу агәаанагара рымоуп Великобританиеи (47%) Польшеи (37%) иқәынхо ауааԥсыра реиҳараҩык. Ари иаҿагыло агәаанагара иадгылеит Франциа изызҵааз 14% ауааԥсыра, Германиеи Великобританиеи 20%, 21%, иара убас 39% Польша ауааԥсыра ргәаангарала ЕАШ асанкциақәа урықәшаҳаҭыртә иҟоуп, европатәи акомпаниақәа аԥхасҭа роургьы.

Франциеи, Германиеи асанкциақәа ирҿагылаз рҟынтә реиҳараҩык —хацәан. Иара убри аан, аҭҵаарақәа ахьымҩаԥыргоз аҳәынҭқаррақәа рҿы, иреиҳаӡоу аҵараиурҭа иалгахьоу, асанкциақәа мап ацәыркуеит.

Ари аҭҵаара мҩаԥнагеит акомпаниа Ifop 2017 шықәсазы, цәыббра 20 инаркны 27-нӡа. Ари азҵаара аҭак ҟарҵеит 3228-ҩык ауаа 18 шықәса иреиҳау. Аҭҵаара агха амазар ауеит +/-3,1%, аиаша иазааигәоуп 95%.

Ауаажәларра ргәаанагара аҭҵааразы Жәларбжьаратәи апроект хацыркын ажьырныҳәа 2015 шықәсазы. Апроект адгылара арҭоит еицырдыруа аҭҵааратә компаниақәа Populus, Ifop, forsa.

Sputnik. Агәаанагара апроект аҳәаақәа ирҭагзаны ауаажәларра ргәаанагара аилкааразы аҭҵаарақәа мҩаԥыргоит Европа аҳәынҭқаррақәеи ЕАШи рҿы еиҳа актуалра змоу асоциалтәи аполитикатәи азҵаарақәа рзы.

Sputnik. Агәаанагара