Лыԥсҭазаара далҵит Лиудмила Сенчина

Лыԥсҭазаара далҵит ашәаҳәаҩ Лиудмила Сенчина.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 25 — Sputnik. 68-шықәса дшырҭагылаз лыԥсҭазаара далҵит Урыстәыла жәлар рартистка Лиудмила Сенчина. Абри азы адырра ҟаиҵеит ашәаҳәаҩ лпродиусер Владимир Андреев ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Сенчина Н. А. Римски-Корсаков ихьӡ зхыз амузыкатә ҵараиурҭа далгеит. 1970 шықәса рзы ааԥхьара лыҭан ленинградтәи амузыкатә комедиа Атеатр ахь. Ахәаԥшцәеи азыӡырыҩцәеи деицырдыруа дҟалеит ашықәсҿыцазтәи "Амца еишьыл" аҟны ашәа "Золушка" аныналыгӡа ашьҭахь.