Венесуела аоппозициа алхрақәа рыҿҳәара аиҭакра иаҿагылоит

1958 шықәса раахыс Венесуела имҩаԥысхьеит 13-нтә атәыла Ахада иалхра. Урҭ рҟынтәи 10 ԥхынҷкәынмзазы имҩаԥысит.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 25 — Sputnik. Венесуела амилаҭтә шьаҭаркратә еизара аӡбрала алхрақәа мҩаԥысыр алшоит мшаԥымза 30 2018 шықәса рзы, уаанӡа ашықәс анҵәамҭаз ҳәа шрылаҳәаз акәымкәа. Ари азакәан аилагароуп иаанаго ҳәа ирыԥхьаӡеит аоппозициаа. Абир атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Атәыла Ахада Николас Мадуро иакәзар аҳәамҭа ҟаиҵеит аҽазныкгьы атәыла Ахадас аҟаларазы икандидатура ақәыргылара шигәҭаку.

"Венесуела анапхгара хаԥышәала алхрақәа рыҿҳәара аиҭакра рҽахьазыршәо азакәан аилагароуп иаанаго, аоппозициааи дареи реиқәышаҳаҭрақәагьы еиланагоит", — иҳәоит аоппозициатә депутат Симон Кальсадилиа.

Абри агәаанагара дадгылоит адепутат Хосе Оливаресгьы.

"Атәыла анапхгара ҳдиалог абри аӡбрала иԥыркит. Уи иашам", — иҳәоит иара.

Венесуела асоциал-демократиатә партиа ахада ихаҭыԥуаҩ Диосдадо Кабельо абри аҭакс иҳәоит алхрақәа 2018 шықәса рзы имҩаԥысуеит, урҭ хымԥада ԥхынҷкәын азы имҩаԥысааит ҳәа аӡәгьы имҳәаӡацт ҳәа. Венесуела Ахада иалхра мҩаԥысыр алшоит мшаԥымза 30 2018 шықәса рзы, уаанӡа ашықәс анҵәамҭаз ҳәа шрылаҳәаз акәымкәа.