Аҳәынҭқарратә дума ахәшәқәа рӡыргара ааннакылар алшоит

60 нызқьҩык есышықәса рыԥсҭазаара иалҵуеит Урыстәыла иӡырырго ахәшәқәа хылаԥшрада иахьрыдыркыло азы.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 26— Sputnik. Аҳәынҭқарратә думаҿы ирыдыркылар алшоит ахәшәқәа рӡыргара ԥызкуа азакәан апроект. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"Ауааԥсыра рыԥсҭазаарақәеи ргәабзиареи рыхьчаразы ирыдыркылар алшоит ахәшәқәа ателехәаԥшреи арадиои рҿы рӡыргара аанызкыло азакәан апроект" ҳәа аҳәоит амҩаԥгаратә шәҟәаҿы.

Иазгәаҭоуп 60 нызқьҩык есышықәса рыԥсҭазаара иалҵуеит Урыстәыла иӡырырго ахәшәқәа хылаԥшрада иахьрыдыркыло азы ҳәа.

Аҳәаанырцә, иаҳҳәап Швеицариа зынӡагьы азин ыҟам ателехәаԥшреи арадиои рыла ахәшәқәа рӡыргара.