Арадио

Ахра Маршьан: есымчыбжьа 20 тонн апатырџьан ҿаҳхуеит

Есымчыбжьа 20 тонн апатырџьан ҭаҳгалоит, ҳаалыҵ аиаҳарак Урыстәылаҟа ауп иахьаҳашьҭуа, иҳәеит ҭелла Кындыӷтәи арԥхарҭатә комплекс аиҳабы Ахра Маршьан арадио Sputnik Аԥсны амҩаԥгаҩ Алхас Манаргиа ҭелла даниҿцәажәоз.
Sputnik
"Хра злоу ахҭысқәа": Ахра Маршьан Кындыӷ иаадрыхуа апатырџьан иазкны

"Ҳаалыҵ ицқьоу ҳәа иазыԥхьаӡоуп, Урыстәылаҟа иаҳашьҭуа зегьы гәаҭаны ауп аҳәаа ишахыргоу. Сара схаҭа, аҩнаҭагьы исфоит, ҳуааԥсыра макьана имышьцылац акәымзар, ас еиԥш иҟоу атехнологиақәа рыла иаадрыхуа аалыҵ ахаҭабзиера бзиоуп", — иҳәеит Маршьан.  
Шәазыӡырҩла Sputnik Аԥсны арадио ишиашоу ицо аефир, асааҭ 18:00 рзы.