Алиса Бигәаа аконституциатә ӡбаҩы ҳәа лыхьӡ ҳәоуп

Аԥсны Аконституциатә ӡбарҭа шьақәгылоуп Аԥсны Жәлар реизара адепутатцәа иалырхыз аӡбаҩцәа хәҩык рыла.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 26 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Алиса Бигәаа лкандидатура иахәаԥшраны иҟоуп Апарламент аҟны ахәбатәи аӡбаҩыс ҳәа. Абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит адепутат Левон Галустиан.

"Атәыла Ахада Апарламент ахь ахәаԥшраз иааишьҭит Алиса Бигәааԥҳа лкандидатура. Иацы аилатәара ҳаман. Алиса Бигәаа лкандидатура адгылара аҭаны асессиахь ицәыраагоит. Маӡалатәи абжьыҭирала далххоит ма далххом аконституциатә ӡбарҭа ахәбатәи аӡбаҩ", — иҳәеит иара.

Атәыла Ахада иахь инашьҭыз ашәҟәаҿы иарбан Зураб Агәмаа икандидатурагьы, аха Зураб Агәмаа мап икит, иҳәеит адепутат.

Уаанӡа аконституциатә ӡбарҭа аӡбаҩцәа ҳәа иалырххьан: Лиудмила Хоџьашьвили, Рауль Пантиа, Диана Ԥлиа, Нури Ҭаниа.