Урыстәыла абираҟ аолимпиадаҿы ицәыргахоит

Уаанӡа Жәларбжьаратәи аолимпиатә еилакы аолимпиада иалахәым атәылақәа рбираҟқәа атрибунақәа рахь рнагара азин ҟанаҵом, убри азы дара аолимпиада абираҟ иаҵагыланы иқәгылоит, ус анакәха Урыстәыла абираҟ аолимпиатә хәмаррақәа рҟны ицәыргахом ҳәа аӡбра аднакылахьан.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 26— Sputnik. Жәларбжьаратәи аолимпиатә еилакы аолимпиада иалахәым атәылақәа рбираҟқәа атрибунақәа рахь рнагара азин ҟанаҵом, Аолимпиадаҿы урыстәылатәи аспортсменцәа рыстатус "Урыстәылатәи аспортсменцәа аолимпииццәа" ҳәа ауп ишыҟоу, убри азы дара аолимпиада абираҟ иаҵагыланы иқәгылоит, ус анакәха Урыстәыла абираҟ аолимпиатә хәмаррақәа рҟны ицәыргахом ҳәа аӡбра аднакылахьан.

Уажәы уи аӡбра еиҭакны абираҟ аолимпиадахь инаргар алшоит ахәаԥшыҩцәеи аспорт абзиабаҩцәеи. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Жәларбжьаратәи аолимпиатә еилакы ԥхынҷкәынмзазы аӡбра аднакылеит "ицқьоу" урыстәылатәи аспортсменцәа Аолимпиада иалахәхар шыҟалоу, аолимпиада абираҟ иаҵагыланы.

Пхенчхан аолимпиатә хәмаррақәа мҩаԥысраны иҟоуп жәабран 9-25 рзы.