Анацәа рмал ахархәара еиҳа ирмариоуп

Урыстәылатәи Афедерациа Аминистрцәа реилазаара "Ахәыҷқәа змоу аҭаацәарақәа аҳәынҭқарратә дгылара рыҭаразы" Афедералтә закәан аԥсахрақәа аланагалеит.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 29 — Sputnik. Аԥсахрақәа инарықәыршәаны анацәа рмал ахархәара ҟалоит ахәыҷқәа-аинвалидцәа рзы атауарқәеи амаҵзурақәеи раахәарази асоциалтә адаптациа роура ацхраарази.

"Афедералтә закәан аԥсахрақәа иалагалоу иазыԥхьагәарҭоит анацәа рмал ахәыҷқәа-аинвалидцәа рзы атауарқәеи амаҵзурақәеи раахәарази асоциалтә адаптациа роура ацхраарази ахархәара ҟаларц. Уи азы ҷыдала иазгәаҭатәуп ахәыҷы-аинвалид ииҭахны иҟоу амаҵзурақәеи атауарқәеи", — ҳәа арбоуп аиҳабыра рсаит аҿы.

Ахархәара ззыҟарҵо атауарқәеи амаҵзурақәеи ахәыҷы-аинвалид икарта ҷыда ианҵахоит.