Де Мистура Шәачатәи аконгресс иҽалаирхәуеит

ООН амаӡаныҟәгаҩ хада ихаҭарнак Стаффан де Мистура Шәача имҩаԥысраны иҟоу амилаҭтә диалог иазырхоу аконгресс иҽалаирхәырц изынашьҭыз ааԥхьара идикылеит.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 29— Sputnik. ООН амаӡаныҟәгаҩ хада Шьамтәылазтәи ихаҭарнак ҷыда Стаффан де Мистура Шәача имҩаԥысраны иҟоу амилаҭтә диалог иазырхоу аконгресс иҽалаирхәырц изынашьҭыз ааԥхьара идикылеит. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости ООН амаӡаныҟәгаҩ хада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Стефан Диужаррик иҳәамҭа ҵаҵӷәыс иганы.

"ООН амаӡаныҟәгаҩ хада Стаффан де Мистура ибрифинг ашьҭахь аӡбра идикылеит Урыстәылатәи ааԥхьара инақәыршәаны ихаҭарнак Шәачаҟа аконгресс ахь дишьҭырцы. ООН амаӡаныҟәгаҩ хада де Мистура ООН ахаҭарнак ҳәа дазиԥхьаӡоит" ҳәа аҳәоит аҳәамҭаҟны.

ООН амаӡаныҟәгаҩ хада агәрагара имоуп Шәачатәи аиԥылара шьамтәылабжьаратә еиҿцәажәараҿы алагала ду ҟанаҵап ҳәа.