Валентина Хәырхәмалԥҳа лцәыргақәҵа мҩаԥысуеит Нальчик

Асахьаҭыхыҩ Валентина Хәырхәмалԥҳа лцәыргақәҵа мҩаԥысуеит Нальчиктәи Арт-центр Madina Saral"p аҟны жәабран 2 рзы.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 31 – Sputnik, Амра Амҷԥҳа. Асахьаҭыхыҩ Валентина Хәырхәмалԥҳа лцәыргақәҵа мҩаԥысуеит Нальчиктәи Арт-центр Madina Saral"p аҟны жәабран 2 рзы. 50 инареиҳаны усумҭа нагоуп Нальчикҟа ҳәа аалыцҳаит асахьаҭыхыҩ.

Акерамика иалху аусумҭақәа рыдагьы ацәыргақәҵахь инагоуп аграфикатә усумҭақәа. Аграфика асахьаҭыхыҩ лзы иҿыцу хырхарҭоуп.

"Аибашьрашьҭахьтәи сыԥсҭазаара Нальчик иадҳәалахеит. Сара сыстудентцәа апрактиказ арахь иаазгон, араҟа адипломқәа рыхьчон. Уи ашьҭахь ара аус зуан, хаҭалатәи ацәыргақәҵа мҩаԥызгахьан", — ҳәа еиҭалҳәоит лара.

Валентина Хәырхәмал иазгәалҭеит ацәыргақәҵара аартра лгәы хыҭ-хыҭуа дшазыԥшу. Лара иара убасгьы илҳәеит 80-шықәса лхыҵра иазкны ишазыԥхьагәалҭо Аҟәа аиубилеитә цәыргақәҵа амҩаԥгара.

Валентина Хәырхәмалԥҳа Қарҭтәи аҳәынҭқарратә асахьаҭыхратә академиа доушьҭымҭоуп. Москва, Шәача, Санкт-Петербург, Вильниус, Германиа, Генуиа ацәыргақәҵақәа дрылахәын. Лусумҭақәа ыҟоуп: Аԥсны Аҳәынҭқарратә асахьатә галереиаҿы, Париж, Германиа, Индиа, Италиа, Америка хаҭалатәи аколлекциақәа рҿы.

Валентина Хәырхәмалԥҳа Аԥсни Урыстәылеи асахьаҭыхыҩцәа Реидгылақәа дырлахәылоуп.