Афедерациа Ахеилак аиқәшаҳаҭра аратификациа азнауит

Урыстәыла Ахада Владимир Путин иҟынтәи Афедерациа Ахеилак абжьагара аҭан аиқәшаҳаҭра аратификациа азнаурц, уи иахәаԥшраны иҟан ажьырныҳәа 31 рзы.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 1 — Sputnik. Афедерациа Ахеилак абжьагара аҭан Урыстәылеи Аладатәи Уаԥстәылеи рыбжьара Аладатәи Уаԥстәыла арратә мчрақәа рыхәҭақәак Урыстәыла арратә мчрақәа ирылахәхарц азы аиқәшаҳаҭра аратификациа азнаурц. Ажьырныҳәа 31 рзы афедерациа Ахеилак аҟны аиқәшаҳаҭра аратификациа азун. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Аиқәшаҳаҭра анапы аҵаҩуп хәажәкыра 31 рзы.

Аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны ареспублика атәылауаа Аладатәи Уаԥстәыла игылоу Урыстәыла арратә базаҟны аррамаҵзура рахысра азин роуеит еилаӡара ҳасабла. Еилаӡара ҳасабла аррамаҵзура ахысраан ареспублика атәылауаа Алада Уаԥстәыла арратә мчрақәа рҟынтәи рхы иақәиҭтәызароуп.

Алада Уаԥстәылатәи аган аиқәшаҳаҭра аусура ианалага инаркны хымз рыҩныҵҟа аус адырулоит аштаб-табельтә документациа.

Алада Уаԥстәылатәи ар аиҿкааратә еилазаара ҿыц ахь рыиасра хыркәшахоит фымз рыҩныҵҟа, уи азы иахәҭаны иҟоу адокументациа анышьақәырӷәӷәахалак ашьҭахь.