Афринтәи аиҿагылара цоижьҭеи 712-ҩык атеррористцәа ҭархоуп

Шьамтәыла аҩада-мраҭашәаратәи аган аҟны арратә операциа мҩаԥысуеит ишазыԥхьагәаҭо еиԥш ҳәа аанацҳауеит Ҭырқәтәыла ар рштаб хада.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 1— Sputnik. Афринтәи аиҿагылара цоижьҭеи 712-ҩык атеррористцәа ҭархоуп ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, Ҭырқәтәыла ар рштаб хада адыррақәа ҵаҵӷәыс иҟаҵаны.

"Афринтәи аиҿагылара цоижьҭеи 712-ҩык атеррористцәа ҭархоуп, ишьаҽуп аҽыхьчарҭақәа, абџьари аџьаԥҳани зҵаз аҵәахырҭақәа 22" ҳәа аҳәоит Ҭырқәтәыла ар рштаб хада иҟанаҵаз адырраҭара.

Уаанӡа Ҭырқәтәыла Ахада Реджеп Таиип Ердоган аҳәамҭа ҟаиҵахьан ҭырқәтәылатәи ар шьамтәылатәи Африн аҟны аоперациа шхацнаркыз. Аамҭақәак рышьҭахь ҭырқәтәылатәи АИХ адырра ҟарҵеит Ҭырқәтәыла ар Африн иҟоу PYD апозициақәа аҳауаҟынтә ирылахысуа ишалагаз.

Аштаб хада ишаанацҳауа ала аоперациа иалахәын: 72 ҳаирплан. Шьамтәыла Ҭырқәтәыла ахымҩаԥгашьа иақәыӡбоит.