АҞӘА, жәабран 6 – Sputnik. Аԥсны Ахада инапы аҵеиҩит Беслан Ешба инапынҵақәа рааныжьразы Аусԥҟа. Иара убас, жәабранмза 5 рзы Ахада инапы аҵаиҩит Аҧсны Аҳәынҭқарра Аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ изы Аусҧҟа.
Аусҧҟаҟны, ҷыдала, иҳәоуп:
"Ихы дақәиҭтәызааит Ешба Беслан Фиодор-иҧа Аҧсны Аҳәынҭқарра Аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ имаҵураҟнытә иалаиҵаз арзаҳал инақәыршәаны. Даҭазааит Шьоуа Роман Иури-иҧа Аҧсны Аҳәынҭқарра Аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩыс", — ҳәа. Абри атәы аанацҳауеит атәыла Ахада иофициалтә саит.
Уаанӡа Беслан Ешба арзаҳал наишьҭхьан инапынҵақәа рҟынтәи ихы дақәиҭыртәырц.
Шьоууа Роман Иури-иԥа диит абҵара 23 1976 шықәса рзы Аҟәа ақалақь аҟны.
1993 шықәса рзы Гәдоуҭатәи абжьаратә школ №2 далгеит.
1993 шықәса рзы дҭалоит Урыстәылатәи Афедерациа Апрезидент иҿы иҟоу аҳәынҭқарратә маҵзура Нхыҵ-Кавказтәи академиа.
Далгоит 1999 шықәса рзы "амениџьер-аекономист" ҳәа азанааҭ иманы.
1995 — 1997 шш. Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны аррамаҵзура дахысуан.
1997 — 2006шш. Аҳәынҭқарратә еилакы "Абхазвторресурсы" аҟны еиуеиԥшым амаҵзурақәа иман.
2007 – 2018шш. рзы ИАЕ "Флагман" адиректор ихаҭыԥуаҩ.
Дҭаацәароуп, ҩыџьа ахшара драбуп.