Арадио

Ҭаркьыл: ашколхәыҷқәа распартакиада иалагалоуп амилаҭтә хәмаррақәа

Sputnik Аԥсны аинформациатә маҵзуреи арадиои "Арадиои аспорти" атемала ишәыдыргалоит адырраҭарақәеи, аиҿцәажәарақәеи, аналитикатә азгәаҭақәеи. Аԥсны аҵара министрра абҩарҵәыреи аспорти аҟәша аиҳабы, ҳаҭыр зқәу аспорт азҟаза Аслан Ҭаркьыл Sputnik арадиостудиаҟны дазааҭгылеит ашколхәыҷқәа рыбжьара имҩаԥысуа аспартакиада иалагалоу аҿыцрақәа.
Sputnik
"Ҳазлацәажәаша ҳамоуп": Аслан Ҭаркьыл ашколхәыҷқәа рыбжьара имҩаԥысуа аспартакиада иазкны

"2003 шықәса инаркны аҵареи аҭҵаарадырреи рминистрра Аԥсны ашколхәыҷқәа рыбжьара имҩаԥнагоит амилаҭтә хәмаррақәа рыла аспартакиада. Есшықәса иалахәуп 400-ҩык инарзыныԥшуа аспортсменцәа. Усҟан иҟан аспорт хкқәа ааба, ҳәарада, дара есышықәса еизҳауеит", — иҳәеит Ҭаркьыл.
Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны ишиашоу ицо аефир, асааҭ 18:00 рзы.