Урыстәылатәи аспортсменцәа аԥсшәаҳәаратә церемониа ада инхеит

Аԥсшәаҳәаратә церемониахь иаҵанакуеит аделегациа аспортсменцәа зегьы алахәны абираҟ ашьҭыхрагьы.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 6—Sputnik. "Урыстәылатәи аолимпиатә атлетцәа" ҳәа Аолимпиатәи ахәмаррақәа-2018 ирылахәу урыстәылатәи аспортсменцәа раԥсшәаҳәаратә церемониа азыԥхьагәаҭам ҳәа аанацҳаит Р-Спорт.

"Урыстәылатәи аолимпиатә атлетцәа" ҳәа Аолимпиатәи ахәмаррақәа-2018 ирылахәу урыстәылатәи аспортсменцәа раԥсшәаҳәаратә церемониа азыԥхьагәаҭам, иара убри аан егьырҭ акомандақәа рзы ари ацеремониа мҩаԥысуеит Пхенчхани Канныни.

Урыстәыла еизгоу акоманда аӡынтәи аолимпиада иалахәуп аолимпиатә бираҟ иаҵагыланы, аспортсменцәа рыстатусгьы "Урыстәылатәи аолимпиатә-спортсменцәа" (OAR) ҳәоуп ишыҟоу.

Асеиԥш аӡбра рыдкылан Жәларбжьаратәи аолимпиатә еилакы акомиссиа имҩаԥнагаз аҭҵаарақәа рышьҭахь.