АҞӘА, жәабран 7 — Sputnik. Раԥхьатәи атуристтә форум-цәыргақәҵеи "VISIT APSNY" ааԥынтәи афестивала "Амимоза ашәҭреи" мҩаԥысраны иҟоуп Аԥсны, хәажәкыра 7-10 рзы ҳәа радио Sputnik Аԥсны иазеиҭалҳәеит "Атуризм азы аԥснытәи аидгыла" апрезидент Анна Калиагина.
Анна Калиагина лажәақәа рыла атуристтә форум-цәыргақәҵеи "VISIT APSNY" ааԥынтәи афестивала "Амимоза ашәҭреи" рымҩаԥгара аидеиа ҵыԥхгьы иалацәажәахьан.
"Арҭ ауснагӡатәқәа атуристцәа рыхәҭак арахь иадрыԥхьалоит, урҭ рыԥсшьара арҭбаауеит, иарбеиоит. Иаҳҳәап, ааԥын Аԥсны амшын узҭалом, ашьха узхалом, аха иҟоуп аԥсшьаҩцәа ирыдугалаша еиуеиԥшым аҭагылазаашьақәа. Ааԥынразы Аԥсны аԥсабара ҿыхоит, иԥхаррахоит, ииаҵәароуп. Урыстәылатәи ақалақьқәа ирыҿурԥшуазар, ара иуԥыло аҽа ԥсабароуп", — лҳәеит Калиагина.
Афестиваль "Амимоза ашәҭра" аиҿкааҩцәа рыӡбарала аҳәса рымшныҳәа, хәажәкыра 8 иақәшәоит.
"Ацәыргақәҵа адагьы еиҿкаахоит афорум. Арахь иааԥхьахоит егьырҭ атәылақәа рҟынтәи атуроператорцәеи атурагентцәеи", — лҳәеит Калиагина.
Афорум ауснагӡатә хадақәа ирҭаар рылшоит изҭахны иҟоу зегьы.
"Афестиваль аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥгахоит арт-маркет, иааԥхьахоит афольклортә ансамбльқәа. Ҳара иазҳархиеит атуристтә программа", — лҳәеит Калиагина.
Атуристтә форум азырхоуп Аԥсны атуриндустриазы аусеицура иацхраауа аҭагылазаашьақәа раԥҵара.